Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҳақьымцәа акурорттә аамҭазы аԥснытәи аинфекционистцәа ирыцхраалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБольница в городе Ткуарчал после ремонта
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2023
Анапаҵаҩра
Акурорттә аамҭазы урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа ацхырара ҳәа рааразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенкои.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik. Ԥхынгәы алагамҭаз ацхырааразы Аԥсныҟа дааит Башкортосҭанынтәи аинфекционист, иара амза нҵәаанӡа аԥсуа ҳақьымцәа дрыцхраалоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амедусбарҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа.

Гәниа иажәақәа рыла, урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсны иҟан 2021-2022 шықәсқәа раан апандемиа аамҭазы. Гәниа иҳәеит нанҳәеи цәыббреи амзақәа рзы Аԥсныҟа ишаауа ареаниматологи аинфекционисти.

Аҳақьымцәа русура ахә ахнашәаауеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи иареи реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0