АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура иатәу алабораториақәа рзы ареагентқәа раахәаразы ахықәкытә программа "2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" ахәҭаҷ ҿыц алагалоуп, уи инақәыршәаны аҳәынҭветмаҵзура 840 нызқьмааҭ ахыԥхьаӡалоуп.
Ареагентқәа Урыстәылантәи иааргоит.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, ари шәарацҵахом, апрограмма абиуџьет аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭветмаҵзура аԥара азоушьҭуп.
Апрограмма анагӡаразы аԥара азоужьхоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.