Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура 840 нызқь мааҭ ахыԥхьаӡалахоит ареагентқәа раахәаразы

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория "Гемотест" в Люберцах
Лаборатория Гемотест в Люберцах - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахықәкытә программа "2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" аԥсахрақәа аларгалеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура иатәу алабораториақәа рзы ареагентқәа раахәаразы ахықәкытә программа "2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" ахәҭаҷ ҿыц алагалоуп, уи инақәыршәаны аҳәынҭветмаҵзура 840 нызқьмааҭ ахыԥхьаӡалоуп.
Ареагентқәа Урыстәылантәи иааргоит.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, ари шәарацҵахом, апрограмма абиуџьет аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭветмаҵзура аԥара азоушьҭуп.
Апрограмма анагӡаразы аԥара азоужьхоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0