АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргараны иҟоуп иааиуа ашықәс азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
Аҵыхәтәаны ашәҟәынҵара мҩаԥган 2011 шықәсазы, уи инақәыршәаны аҳҭнықалақь аҿы инхоит 65 нызқьҩык ауааԥсыра. Аҟәа ахадара ирымоу адыррақәа рыла, ари ахыԥхьаӡара 70 нызқьҩык рҟынӡа инаӡахьеит.
"Иааиуа ашықәсан Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥаагарц ҳгәы иҭоуп, ауаа рхыԥхьаӡара еилкааны иаҳдыруазар, џьара усқәак реиҿкаара еиҳа ишахәҭоу иҟаҳҵалоит", - иҳәеит Ешба.
Уи мҩаԥгахоит наҟ-наҟ Аҟәа аԥгаԥсатә медицина алагаларазгьы. Уи азы аусурақәа уажәнатә ирылагахьеит иҳәеит Ешба.
"Адунеи аҿы иҟоу апрактика уахәаԥшуазар, аԥгаԥсатә медицина аус зауӡом амедицинатә маҵзурақәа ахәԥҵәақәа шьақәыргыламкәа. Раԥхьа иргыланы, Аԥсны зымҩаԥгара алшо амедицинатә маҵзурақәа рыхәԥҵәақәа шьақәыргылатәуп. Аԥснытәи аԥгаԥсатә медициноуп зыӡбахә сымоу", - иҳәеит Аҟәа ахада.
Аҳҭнықалақь аҿы аԥгаԥсатә медицина арҿиаразы адунеи аҿы иҟоу апрактика ахархәара азутәуп иҳәеит Беслан Ешба.
"Иҟоуп адунеи аҿы ирымоу аԥышәа, сара амаҵураныҟәарыла Израиль сыҟан, уа аԥгаԥсатә медицина алагалара ишалагаз ҭаҳҵааит. Ахада ҳанеизигоз, сара уи Аԥсны ахархәара шаҳҭаша атәы салацәажәеит. Иаҳҳәап, иҟоуп аԥгаԥсатә каҵкәыр, уи иаҵанакуеит апластикеи ацәеижьхәҭақәа реиҭагареи рыда егьырҭ амаҵзурақәа", - ҳәа инаҵишьит иара.
Аԥгаԥсатә полис иабзоураны ареспублика иарбан медицинатә усбарҭазаалак уадҵаалар ҟалоит.
"Есышықәса хымԥада адиспансеризациа мҩаԥгатәхоит, дарбанзаалак иарбан ԥгаԥсатә полису ииҭаху аилкааразы. Атәылауаа усҟан ахәшәқәа ҳәа акгьы аархәаӡом, иахьатәи аамҭазы ҳара излаҳалшо ала ахәшәтәырҭәақәа хәшәыла еиқәҳаршәоит ҽнак ҩымш ҳәа. Аха урҭ ирҭашәо ҳтәылауаа нас рхала ицаны аахәатәыс ироуеит. Аԥгаԥсатә полис алагалахар, уи акомплекс зегьы агәылалоит", - иҳәеит аҳҭнықалақь ахада.
Ҵыԥх Аҟәа агәабзиарахьчаразы абиуџьет 210 миллиони 980 нызқь мааҭ иҟан, сынтәа - 223 миллион мааҭ, 22,6 миллион рыла еиҳаны.