https://sputnik-abkhazia.info/20230729/aa-auaasyra-ryshynara-mayrgarany-ioup-iaaiua-ashys-azy-1047197101.html
Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргараны иҟоуп иааиуа ашықәс азы
Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргараны иҟоуп иааиуа ашықәс азы
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба атәыла ахада пхынгәы 27 рзы имҩаԥигаз аилатәараан еиҭеиҳәеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аԥгаԥсатә медицина аҿиаразы уснагӡатәқәас... 29.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-29T13:55+0300
2023-07-29T13:55+0300
2023-07-29T13:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
беслан ешба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102956/76/1029567659_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_c4988becb7af55eaad07d8e3491182ad.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргараны иҟоуп иааиуа ашықәс азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.Аҵыхәтәаны ашәҟәынҵара мҩаԥган 2011 шықәсазы, уи инақәыршәаны аҳҭнықалақь аҿы инхоит 65 нызқьҩык ауааԥсыра. Аҟәа ахадара ирымоу адыррақәа рыла, ари ахыԥхьаӡара 70 нызқьҩык рҟынӡа инаӡахьеит. Уи мҩаԥгахоит наҟ-наҟ Аҟәа аԥгаԥсатә медицина алагаларазгьы. Уи азы аусурақәа уажәнатә ирылагахьеит иҳәеит Ешба."Адунеи аҿы иҟоу апрактика уахәаԥшуазар, аԥгаԥсатә медицина аус зауӡом амедицинатә маҵзурақәа ахәԥҵәақәа шьақәыргыламкәа. Раԥхьа иргыланы, Аԥсны зымҩаԥгара алшо амедицинатә маҵзурақәа рыхәԥҵәақәа шьақәыргылатәуп. Аԥснытәи аԥгаԥсатә медициноуп зыӡбахә сымоу", - иҳәеит Аҟәа ахада. Аҳҭнықалақь аҿы аԥгаԥсатә медицина арҿиаразы адунеи аҿы иҟоу апрактика ахархәара азутәуп иҳәеит Беслан Ешба."Иҟоуп адунеи аҿы ирымоу аԥышәа, сара амаҵураныҟәарыла Израиль сыҟан, уа аԥгаԥсатә медицина алагалара ишалагаз ҭаҳҵааит. Ахада ҳанеизигоз, сара уи Аԥсны ахархәара шаҳҭаша атәы салацәажәеит. Иаҳҳәап, иҟоуп аԥгаԥсатә каҵкәыр, уи иаҵанакуеит апластикеи ацәеижьхәҭақәа реиҭагареи рыда егьырҭ амаҵзурақәа", - ҳәа инаҵишьит иара. Аԥгаԥсатә полис иабзоураны ареспублика иарбан медицинатә усбарҭазаалак уадҵаалар ҟалоит. Ҵыԥх Аҟәа агәабзиарахьчаразы абиуџьет 210 миллиони 980 нызқь мааҭ иҟан, сынтәа - 223 миллион мааҭ, 22,6 миллион рыла еиҳаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102956/76/1029567659_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_47773593745c058282c22804e92c9e72.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, беслан ешба
ажәабжьқәа, аԥсны, беслан ешба
Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргараны иҟоуп иааиуа ашықәс азы
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба атәыла ахада пхынгәы 27 рзы имҩаԥигаз аилатәараан еиҭеиҳәеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аԥгаԥсатә медицина аҿиаразы уснагӡатәқәас ирымоу.
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргараны иҟоуп иааиуа ашықәс азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
Аҵыхәтәаны ашәҟәынҵара мҩаԥган 2011 шықәсазы, уи инақәыршәаны аҳҭнықалақь аҿы инхоит 65 нызқьҩык ауааԥсыра. Аҟәа ахадара ирымоу адыррақәа рыла, ари ахыԥхьаӡара 70 нызқьҩык рҟынӡа инаӡахьеит.
"Иааиуа ашықәсан Аҟәа ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥаагарц ҳгәы иҭоуп, ауаа рхыԥхьаӡара еилкааны иаҳдыруазар, џьара усқәак реиҿкаара еиҳа ишахәҭоу иҟаҳҵалоит", - иҳәеит Ешба.
Уи мҩаԥгахоит наҟ-наҟ Аҟәа аԥгаԥсатә медицина алагаларазгьы. Уи азы аусурақәа уажәнатә ирылагахьеит иҳәеит Ешба.
"Адунеи аҿы иҟоу апрактика уахәаԥшуазар, аԥгаԥсатә медицина аус зауӡом амедицинатә маҵзурақәа ахәԥҵәақәа шьақәыргыламкәа. Раԥхьа иргыланы, Аԥсны зымҩаԥгара алшо амедицинатә маҵзурақәа рыхәԥҵәақәа шьақәыргылатәуп. Аԥснытәи аԥгаԥсатә медициноуп зыӡбахә сымоу", - иҳәеит Аҟәа ахада.
Аҳҭнықалақь аҿы аԥгаԥсатә медицина арҿиаразы адунеи аҿы иҟоу апрактика ахархәара азутәуп иҳәеит Беслан Ешба.
"Иҟоуп адунеи аҿы ирымоу аԥышәа, сара амаҵураныҟәарыла Израиль сыҟан, уа аԥгаԥсатә медицина алагалара ишалагаз ҭаҳҵааит. Ахада ҳанеизигоз, сара уи Аԥсны ахархәара шаҳҭаша атәы салацәажәеит. Иаҳҳәап, иҟоуп аԥгаԥсатә каҵкәыр, уи иаҵанакуеит апластикеи ацәеижьхәҭақәа реиҭагареи рыда егьырҭ амаҵзурақәа", - ҳәа инаҵишьит иара.
Аԥгаԥсатә полис иабзоураны ареспублика иарбан медицинатә усбарҭазаалак уадҵаалар ҟалоит.
"Есышықәса хымԥада адиспансеризациа мҩаԥгатәхоит, дарбанзаалак иарбан ԥгаԥсатә полису ииҭаху аилкааразы. Атәылауаа усҟан ахәшәқәа ҳәа акгьы аархәаӡом, иахьатәи аамҭазы ҳара излаҳалшо ала ахәшәтәырҭәақәа хәшәыла еиқәҳаршәоит ҽнак ҩымш ҳәа. Аха урҭ ирҭашәо ҳтәылауаа нас рхала ицаны аахәатәыс ироуеит. Аԥгаԥсатә полис алагалахар, уи акомплекс зегьы агәылалоит", - иҳәеит аҳҭнықалақь ахада.
Ҵыԥх Аҟәа агәабзиарахьчаразы абиуџьет 210 миллиони 980 нызқь мааҭ иҟан, сынтәа - 223 миллион мааҭ, 22,6 миллион рыла еиҳаны.