АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. 2022 шықәса анҵәамҭа 2023 шықәса алагамҭаз Аеспубликатә анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан 2910-ҩык ауааԥсыра ҳәа лҳәеит "Аԥсны.Иахьа" аинтервиу азҭаз аусбарҭа аҳақьым хада Ирма Ануа.
Урҭ рахьынтәи 1126-ҩык анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло роуп, иара убас урҭ рыбжьара хҩык аҳәсақәоуп, 1784-ҩык арыжәтәџьбара зжәо - 37-ҩык аҳәсақәоуп.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны зегь раасҭа алацәара змоу анаркотикатә маҭәашьарқәоуп - метадони мефедрони.
"Атаблеткақәа ртәы ҳҳәозар "Лирика" анаркотикатә маҭәашьарқәа рсиа иахыԥхьаӡалоуп, метадони мефедрони ирыҵамхо ааха изыннажьоит издызкыло. Ас еиԥш иҟоу атаблеткақәа здызкыло ауаҩы знык-ҩынтә ианидикыла, иизгәамҭаӡакәан даланагалоит ада ԥсыхәа имаӡамкәан", - лҳәеит Ануа.
Аҳақьым хада иазгәалҭеит, атаблеткақәа еиҳарак иахьынтәаарго Урыстәылантәи шакәу, Аԥсны ахәшәҭирҭақәа рыҟны зынӡа ишыҟам.
Ргәҽанылҵеит, лассы-ласс ауаҩы изгәамҭаӡакәан анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылара дшаланагало азы.
"Ари ачымазара ауаҩы инервтә система хада иаԥырхагахоит, агәкаҳареи агәҭынчымреи рызцәырнагоит. Уи иахҟьаны згәы бзиаз ауаҩы иԥсихика еилагоит, аҽыхәшәтәра ашықәс рацәа аҭаххоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Убри аан, Ануа илымоу адыррақәа рыла аҵыхәтәантәи аҩышықәса ашәҟәы иҭагалаӡам ашколхәыҷқәеи ахбыџқәеи, аха уи иаанагаӡом урҭ рықәра иаҵанакуа ауааԥсыра рыбжьара анаркотикқәа ҟазҵо ыҟаӡам ҳәа.
Аԥсны х-гәыԥк ыҟоуп "зыхьӡ змырзо анаркоманцәа" – Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра.