https://sputnik-abkhazia.info/20230730/azou-ashys-alagamaz-3000-yk-inarzynashua-auaa-anarkodispanser-any-ashy-iagalan-1047226953.html
Ҳазҭоу ашықәс алагамҭаз 3000-ҩык инарзынаԥшуа ауаа анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан
Ҳазҭоу ашықәс алагамҭаз 3000-ҩык инарзынаԥшуа ауаа анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан
Sputnik Аҧсны
Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра аус руеит зыхьӡ змырзо анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло х-гәыԥк. 30.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-30T09:15+0300
2023-07-30T09:15+0300
2023-07-30T09:26+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101635/92/1016359235_0:317:6016:3701_1920x0_80_0_0_66a9f19cfd8fecca1507109793db737a.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. 2022 шықәса анҵәамҭа 2023 шықәса алагамҭаз Аеспубликатә анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан 2910-ҩык ауааԥсыра ҳәа лҳәеит "Аԥсны.Иахьа" аинтервиу азҭаз аусбарҭа аҳақьым хада Ирма Ануа.Урҭ рахьынтәи 1126-ҩык анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло роуп, иара убас урҭ рыбжьара хҩык аҳәсақәоуп, 1784-ҩык арыжәтәџьбара зжәо - 37-ҩык аҳәсақәоуп.Лара лажәақәа рыла, Аԥсны зегь раасҭа алацәара змоу анаркотикатә маҭәашьарқәоуп - метадони мефедрони.Аҳақьым хада иазгәалҭеит, атаблеткақәа еиҳарак иахьынтәаарго Урыстәылантәи шакәу, Аԥсны ахәшәҭирҭақәа рыҟны зынӡа ишыҟам.Ргәҽанылҵеит, лассы-ласс ауаҩы изгәамҭаӡакәан анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылара дшаланагало азы."Ари ачымазара ауаҩы инервтә система хада иаԥырхагахоит, агәкаҳареи агәҭынчымреи рызцәырнагоит. Уи иахҟьаны згәы бзиаз ауаҩы иԥсихика еилагоит, аҽыхәшәтәра ашықәс рацәа аҭаххоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.Убри аан, Ануа илымоу адыррақәа рыла аҵыхәтәантәи аҩышықәса ашәҟәы иҭагалаӡам ашколхәыҷқәеи ахбыџқәеи, аха уи иаанагаӡом урҭ рықәра иаҵанакуа ауааԥсыра рыбжьара анаркотикқәа ҟазҵо ыҟаӡам ҳәа.Аԥсны х-гәыԥк ыҟоуп "зыхьӡ змырзо анаркоманцәа" – Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101635/92/1016359235_331:0:5686:4016_1920x0_80_0_0_95ce8f1b2d4551fbd9ffaac1e6586929.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, агәабзиара
аԥсны, ажәабжьқәа, агәабзиара
Ҳазҭоу ашықәс алагамҭаз 3000-ҩык инарзынаԥшуа ауаа анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан
09:15 30.07.2023 (ирҿыцуп: 09:26 30.07.2023) Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра аус руеит зыхьӡ змырзо анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло х-гәыԥк.
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. 2022 шықәса анҵәамҭа 2023 шықәса алагамҭаз Аеспубликатә анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан 2910-ҩык ауааԥсыра ҳәа лҳәеит "Аԥсны.Иахьа" аинтервиу азҭаз аусбарҭа аҳақьым хада Ирма Ануа.
Урҭ рахьынтәи 1126-ҩык анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло роуп, иара убас урҭ рыбжьара хҩык аҳәсақәоуп, 1784-ҩык арыжәтәџьбара зжәо - 37-ҩык аҳәсақәоуп.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны зегь раасҭа алацәара змоу анаркотикатә маҭәашьарқәоуп - метадони мефедрони.
"Атаблеткақәа ртәы ҳҳәозар "Лирика" анаркотикатә маҭәашьарқәа рсиа иахыԥхьаӡалоуп, метадони мефедрони ирыҵамхо ааха изыннажьоит издызкыло. Ас еиԥш иҟоу атаблеткақәа здызкыло ауаҩы знык-ҩынтә ианидикыла, иизгәамҭаӡакәан даланагалоит ада ԥсыхәа имаӡамкәан", - лҳәеит Ануа.
Аҳақьым хада иазгәалҭеит, атаблеткақәа еиҳарак иахьынтәаарго Урыстәылантәи шакәу, Аԥсны ахәшәҭирҭақәа рыҟны зынӡа ишыҟам.
Ргәҽанылҵеит, лассы-ласс ауаҩы изгәамҭаӡакәан анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылара дшаланагало азы.
"Ари ачымазара ауаҩы инервтә система хада иаԥырхагахоит, агәкаҳареи агәҭынчымреи рызцәырнагоит. Уи иахҟьаны згәы бзиаз ауаҩы иԥсихика еилагоит, аҽыхәшәтәра ашықәс рацәа аҭаххоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Убри аан, Ануа илымоу адыррақәа рыла аҵыхәтәантәи аҩышықәса ашәҟәы иҭагалаӡам ашколхәыҷқәеи ахбыџқәеи, аха уи иаанагаӡом урҭ рықәра иаҵанакуа ауааԥсыра рыбжьара анаркотикқәа ҟазҵо ыҟаӡам ҳәа.
Аԥсны х-гәыԥк ыҟоуп "зыхьӡ змырзо анаркоманцәа" – Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра.