АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Гагра араион аҟны аӡхыҵра иҟанаҵаз аԥхасҭа иартәоит 60 миллион мааҭ инареиҳаны ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
"Иахьазы араион ахадарахь 292 арзаҳал аарышьҭхьеит, урҭ ирыхәаԥшхьеит. Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа 1200-нхарҭа иаҭааны игәарҭахьеит, аԥхасҭа иҟоу ахә ршьахьеит. Зегь раԥхьаӡа ацхыраара зыҭахо зсоциалтә ҭагылазаашьа ԥсыҽу аҭаацәарақәа ракәхоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ироуз арзаҳалқәа зегьы рҟынтәи аматериалтә цхыраара рыҭахоит 80 ҭаацәара. Дара ироуз аԥхасҭа азгәаҭаны, аиҳабыра рҟынтәи ирызшәахоит 100 нызқь инаркны 500 нызқьмааҭ рҟынӡа. Аԥарақәа рызҭарҵоит иааиуа амзақәа рзы рбанктә хыԥхьаӡарахь.
Ԥхынгәы 9 руха иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны Гагра араион аҟны 1200-ҩны инареиҳаны ааха роуит. Амшцәгьақәа зегь реиҳа аԥхасҭа рнаҭеит ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахара, Бзыԥ аҳабла, Гагра ақалақь ахәҭак.
Гәынԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, Гагра араион аҟны уажәыгь ишцо аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа. Уи иалахәуп ауааԥсыреи атехникеи.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ илҳәеит, ааха зоуз рзы ацхыраара шыҟарҵаз анаплакыҩцәа, иахьазы ишеизгоу 11 миллион мааҭ инарзынаԥшуа.