Аԥсны

Акаталог "Ахатәы коллекциа" Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иӡырыргоит

Акаталог "Ахатәы коллекциа" Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ифонд иҟанаҵаз адгыларала иҭыжьуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акаталог "Ахатәы коллекциа" Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иӡырыргоит нанҳәа 2 асааҭ 16:30 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ААЗ аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
"Ҵыԥх Баҭал Кобахьиеи сареи еицыҟаҳҵеит апроект "Ахатәы коллекциа". Апроект иахықәкын ахатә коллекциақәа рҿы иҵәахыз аҿыханҵа, аграфика рҿиамҭақәа реизгара. Актәи ацәыргақәҵа ҩ-залк рҿы иӡырган. Аматериал аинтерес аҵан аиҳарак арҭ аусумҭақәа амузеи ма агалереиа рҟны рбара ахьзалымшоз, еиуеиԥшым аепохақәа, ажанрацәа, авторцәа иахьрыҵаркуаз", -лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Анаҩс агәаҳәара ҳауит арҭ аҭыхымҭақәа акаталогаҿы реизгаразы.
"Абасала акаталог аҭыжьраз аидеиа цәырҵит. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ифонд адгылара ҳанаҭеит. Афинанстә цхыраара анҳау иҳалшеит акаталог аҭыжьра. Ара ацәыргақәҵаҿ иҟаз аҭыхымҭақәа зегьы арбоуп, иарбоуп аколлекционерцәа рнысымҩақәа. Ахатә коллекциақәа иаку рсиа ҟалеит", - лҳәеит адиректор.
Асеиԥштәи акаталогқәа рҭыжьра адунеитә практикаҿ ахархәара амоуп ҳәа лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа, иагьацылҵеит иара шӡыргахо ацәыргақәҵа "Аҟәатәи авангард" иахәҭакны.
Аԥсны
Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аҟәатәи авангард 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы"