Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аҟәатәи авангард 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы"

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка картин В ЦВЗ
Выставка картин В ЦВЗ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2023
Анапаҵаҩра
Аекспозициа шьақәгылоуп Адгәыр Ӡиӡариа, Виссарион Ҵәыџьба, Александр Семенцов, Евгени Котлиаров, Сергеи Сангалов, Алексеи Шервашиӡе, Ахра Аџьынџьал, Александр Боиаџьан, Валери Арқаниа, Леуарса Быҭәба русумҭақәа рыла.
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ацәыргақәҵа "Аҟәатәи авангард 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы" аатит Аҟәа аҩаша, ԥхынгәы 25 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
"Ари ҳәарада цәыргақәҵа-ҭҵаароуп, цәыргақәҵа-еилкаароуп, избанзар ҳара аофициалтә ҟазара иҭамӡоз 80-тәи ашықәсқәа рзтәи асахьаҭыхыҩцәа рыԥсҭазаара аилкаара ҳҽазаҳшәон. Абри ауп изызку афильм, ацәыргақәҵа, алекциа. Избан ари аамҭа аинтерес зҳауыз? Ари аибашьра аламҭалатәи аамҭоуп, аромантизм, ахақәиҭра, арҿиара ираамҭоуп. Ацензура маҷк ихҽын. Амузыка, алитература, асахьаҭыхра рҿы ицәырҵит арҿиаҩцәа ҿыцқәа", - ҳәа лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа аԥшьган аамҭа амозаикак аиԥш аидкылараз лҳәеит лара, иагьазгәалҭеит аусумҭақәа равторцәа аӡәырҩы иахьа Аԥсны анҭыҵ – Германиа, Урыстәыла, аҽа тәылақәак рҿы ишынхо.
"Иҳаӡбеит усҟантәи аамҭазы аҭыԥ змаз аҿыцра агәазыҳәара ааҳарԥшырц. Аусумҭақәа рҟынтә усҟантәи аамҭf иаҵанакуеит 80%, аха аҿыцрақәагьы алаҳҵеит аамаҭқәа реидҳәаларазы", - ҳәа лҳәеит лара.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахо адокументалтә фильм аҟны еиҭаҳәахоит 70-80--тәи ашықәсқәа рзтәи асахьаҭыхҩцәа рҭоурыхқәа, иара убас ацәыргақәҵатә зал иаҭаауа, уи аамҭахҵәа иазкны алекциа дырзаԥхьоит Адгәыр Ӡиӡариа.
Ажәабжьқәа зегьы
0