Аԥсны

Амаининг азы аппаратқәа закәаншьаҭада Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит

Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптоԥара арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Амаининг азы аппаратқәа закәаншьаҭада Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.

Аҳазалыҩцәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа аҳәаа иахысуаз атәылауаҩ имашьынаҟны 15 аппарат рыԥшааит.

Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.