Аԥсны

Аԥсны Асанепидемаҵзура акрыфарачаратә хыбрақәа рхылаԥшра арӷәӷәоит

Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵала асанепидмаҵзура аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аҿы акрыфарачаратә хыбрақәа рхылаԥшра мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба асанитар-епидемиологиатә мацзура рнапы ианиҵеит аҳҭнықалақьи ареспублика араионқәеи рҿы акрыфарачаратә хыбрақәа рхылаԥшра мҩаԥыргаларц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Акурорттә сезон иаамҭоуп. Атәыла асасцәеи ауааԥсыреи азеиԥшкрыфарачарҭақәа ирҭаауеит. Уа асанитартә нормақәа ирықәшәозароуп, ишәарҭадазароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Алла Белиаева аминистр изеиҭалҳәеит аҳҭнықалақь акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи ргәаҭара шымҩаԥысуа.
"Ақалақьтә АЕМ ари аус мҩаԥнагоит. Асанитартә еилагаразы аа-ԥкаанҵак аздырхиахьеит. Арҭ аҭыԥқәа зхатәу ахарадҵақәа ршәароуп", - ҳәа лҳәеит асанитартә ҳақьым хада аҳҭнықалақь аҭагылазаашьазы.
Аԥсны
Едуард Быҭәба асанепидмаҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит