Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Едуард Быҭәба асанепидмаҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / Минздрав АбхазииЭдуард Бутба провел совещание с представителями санэпидемслужб
Эдуард Бутба провел совещание с представителями санэпидемслужб - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2023
Анапаҵаҩра
Аилацәажәараҿы иазааҭгылеит ареспубликаҿы аӡыржәтәи амшынӡи рҭагылазаашьа.
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи асанепидмаҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит, акьатеиҿкы аҟазаареи аҟамзаареи рыҭҵаара шымҩаԥыргало алабораториақәа хԥа.
Белиаева лажәақәа рыла, иахьазы амшынӡы аҟны авирусқәа азгәаҭаӡам, Аҟәеи Тҟәарчали рҟны аӡыржәтә ахлор арҭоит.
"Аха, иахьазы Тҟәарчал апроблемақәа ыҟоуп. Ақалақь ӡыла еиқәзыршәо аӡиас ахыҵхырҭахь адгьыл ҳәазеит, аӡы ҟьшьуп. Мышқәак рышьҭахь аҽарыцқьоит, аха макьаназ ауааԥсыра аԥаҭликақәа ирҭоу аӡыржәтә аархәоит, ма аӡыхьқәа рҿы иргоит", - лҳәеит Белиаева.
Иара убас аиԥылараҿы ирылацәажәан арыцқьагатә хархәагақәеи агәамсам аусеиҭадуларазы азауадқәа рыргылареи рызҵаара, аӡымҩангагақәа рхархәара аҿҳәареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0