АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит Новороссииск иҟоу арра-мшынтә база иажәлаз аекипаж зҭам украинатәи акатерқәа ҩба. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара амнистрра.
"Ажәылара мҩаԥган ҩ-катерк рыла. Дара рыҩбагьы арра-мшынтә база адәныҟатәи агәаҭарақәа ирхылаԥшуаз урыстәылатәи аӷбақәа рҟынтәи мцаԥшьла иҭархоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы, нанҳәа 3 - 4 рзы иаԥырҟәҟәаан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Ҟрым аҵакыра аганахь Киев имҩаԥнагаз атеррористтә жәылара. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит жәа-дронк, аҽа хԥа –арадиоелектронтә ҿагылара ахархәагақәа икарыжьит. Атеррористтә жәылараан аӡәгьы ааха имоуӡеит.