Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина имҩаԥнагаз Новороссииск арра-мшынтә база ажәлара аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовороссийская военно-морская база
Новороссийская военно-морская база - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2023
Анапаҵаҩра
Ажәылара мҩаԥган акатерқәа ҩба рыла. Дара рыҩбагьы урыстәылатәи аӷбақәа рҟынтәи мцаԥшьла иҭархоуп.
АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит Новороссииск иҟоу арра-мшынтә база иажәлаз аекипаж зҭам украинатәи акатерқәа ҩба. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара амнистрра.
"Ажәылара мҩаԥган ҩ-катерк рыла. Дара рыҩбагьы арра-мшынтә база адәныҟатәи агәаҭарақәа ирхылаԥшуаз урыстәылатәи аӷбақәа рҟынтәи мцаԥшьла иҭархоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы, нанҳәа 3 - 4 рзы иаԥырҟәҟәаан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Ҟрым аҵакыра аганахь Киев имҩаԥнагаз атеррористтә жәылара. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит жәа-дронк, аҽа хԥа –арадиоелектронтә ҿагылара ахархәагақәа икарыжьит. Атеррористтә жәылараан аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Ликвидация последствий наводнения на Кубани - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина Арбџьармчқәа рҽазыршәеит Амшын еиқәаҟны урыстәылатәи аграждантә ӷбақәа ирыжәларц
Ажәабжьқәа зегьы
0