АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Гагра араион аҟны иҟалаз аӡхыҵра ашьҭахь Аԥсны атурқәа рыҭира аԥхынтәи аамҭазтәи аҩаӡараҿ ихынҳәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Атуроператорцәа Рассоциациа (АТОР).
Атурфирма ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, атуристцәа реиҳараҩык рыгәҭакқәа рмыԥсахӡеит, атурқәа рыԥсахра 5% еиҳамхаӡеит.
Иазгәаҭоуп, Аԥсны зегь раасҭа иалырхуа ахырхарҭақәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ аҟны ишгылоу, аԥсшьацәа уажәнатә заа аҭыԥқәа ааныркылоит жьҭаареи абҵарамзеи аԥсшьараз.
"Аԥсны - ҩышықәса раахыс, атурқәа иҭииу рхыԥхьаӡарала Шәачеи Анапеи рнаҩс ахԥатәи аҭыԥ аҟны игылоуп. Ари инықәырԥшны сынтәатәи аԥхынраз 19% иартәоит заатәи аҭыԥқәа раанкыларазы. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны 20% еизҳаит", - ҳәа азгәарҭоит амилаҭтә туроператор АЛЕН апресс-маҵзураҿы.
Иазгәаҭоуп, Аԥсны акадефаамҭазы аԥхаррақәа ҟалар асассирҭақәа зегь рыҟны заатәи аҭыԥқәа раанкылара 100% ишазааигәахо.