Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Севастополь ажәлара зҽазызшәоз аӡхыхьтәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа кажьуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Севастополь ажәлара зҽазызшәоз аӡхыхьтәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа карыжьит, абри атәы ааицҳаит арегион ахада Михаил Развожаев.
Севастопольтәи амшын ӡымҽхак аҟны афлот абзоурала аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа кажьын", - иҩуеит Telegram-каналаҿы.
Аӡытә транспорт азы иалагалаз аԥкрақәа зегьы аԥыхәуп иҳәеит иара.
УАМ иатәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа афлот, аенергетика иатәу ахыбрақәа, арратә аеродром ирыжәлоит. Урыстәылатәи аруаа реиҳарак ҭадырхоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Абааӡатәымҩангага ӷба "Сиг" ааха аиуит Керчтәи аӡыбжьахала аҟны