Аԥсны

Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Аҳабла ҿыц ахәҭаки ақалақь амҩадуқәаки лашарада иаанханы иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Аҟәатәи афымцеихшарҭа.

Аҳабла ҿыц аҟны атрансформатор аусура еиԥҟьеит, аҭыԥаҟны аҟазаауаа аус руеит.

Ақалақь аҩнуҵҟа алашара аҟамзаара зыхҟьаз ҭырҵаауеит.
Амҽыша ашьыжь АҲ "Бзыԥ" аусура аиԥҟьара иахҟьаны лашарада иаанхеит Гәдоуҭеи Гагреи рраионқәа. "Амшынеиқәфымцамч" аҟны ирҳәеит алашара арцәара зыхҟьаз афымцаҳақәа рҭакнаҳара ауп ҳәа. 15:00 сааҭ рзы ауааԥсыра лашарала еиқәыршәан.