АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәбеи ҟәбинатәи иколлега Иури Бурлачкои русеицура иалацәажәеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит Вестник АУАА.
Бурлачко иазгәеиҭеит, Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә, акультуреи рхырхарҭақәа рыла аусеицура рыбжьоишьҭеи кыр шықәса шҵуа.
Аиԥылараҟны ҷыдала иазааҭгылан Ҟәбинеи Аԥсни ртуристтә лшарақәа.
Ашәбеи Бурлачкои алогистика азҵаарақәагьы ирылацәажәеит, Шәачатәи аҳаирбаӷәаза Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни рзы ишызаҵәу азгәарҭеит.
Ашәба иҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы апроект шынагӡахо.