Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Ҟәбинеи Жәлар Реизара рхантәаҩцәа атуризм алшарақәеи алогистикеи ирылацәажәеит

© Foto / Вестник ЮРПА Спикеры парламентов Абхазии и Кубани обсудили вопросы взаимодействия в рамках ЮРПА


Спикеры парламентов Абхазии и Кубани обсудили вопросы взаимодействия в рамках ЮРПА
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2023
Анапаҵаҩра
Краснодар еиԥылеит Аԥсни Ҟәбинеи Жәлар Реизара рхантәаҩцәа.
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәбеи ҟәбинатәи иколлега Иури Бурлачкои русеицура иалацәажәеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит Вестник АУАА.
Бурлачко иазгәеиҭеит, Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә, акультуреи рхырхарҭақәа рыла аусеицура рыбжьоишьҭеи кыр шықәса шҵуа.
Аиԥылараҟны ҷыдала иазааҭгылан Ҟәбинеи Аԥсни ртуристтә лшарақәа.
Ашәбеи Бурлачкои алогистика азҵаарақәагьы ирылацәажәеит, Шәачатәи аҳаирбаӷәаза Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни рзы ишызаҵәу азгәарҭеит.
Ашәба иҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы апроект шынагӡахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0