АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аԥсны аҵыхәтәантәи амчыбжь азы иааларҟьаны аԥсабаратә былрақәа рацәахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амца арцәаҩцәа ражәақәа рыла, абылра ахҟьозар ҟалоит анхацәа ашоура бааԥс азы рыдгьыл қәаарыхарҭақәа рыҟны имҩаԥырго арыцқьарақәа.
Аԥсны АҶА аҟны ирҳәеит, ас еиԥш иҟоу аусурақәа амҩаԥгара зынӡа ишыҟамло, ашәарҭара шаԥнаҵо, уи иахҟьаны абнарақәа амца ркыр шалшо.