АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду аан Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку апатриоттә-ҿартә хатәгәаԥхаралатә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа" аҩбатәи ахәҭа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекспедициа анапхгаҩы, аҭоурыхдырыҩ Сергеи Телешов.
"Ҳара еснагь ҩ-раионк рҭаара ҳҽазаҳшәон, сынтәа - Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи. Кәыдрытәи аиҩхаахь ҳхалеит жәҩык, 1942 шықәса нанҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ара аибашьра ӷәӷәаӡақәа цон. Адгьыл зегь шьала икәабоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Апатриоттә експедициа хықәкыс иамоуп асовет ари анемец ари ахьеибашьуаз аҭыԥқәа рҿы агәаларшәагатә дыргақәа рықәыргылароуп.
"Адырга "Перевал воинской славы" ықәыргылоуп Клыхәра, Наҳар, Ҟлыч, Птышь, Аданга ашьхахыҵырҭақәа рҟны. Сынтәа Александр Гусев ишәҟәы "Высота военных альпинистов" аҟынтәи аинформациала адырга ықәҳаргылеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз ашәҟәы аекземплиарқәак Аԥсны аҳәаахьчаратә отриад аиҳаби урыстәылатәи аҳәаахьчаратә усбарҭеи ираҳҭеит аррамаҵзурауаа аԥхьаларц", - ҳәа иҳәеит Телешов.
Александр Гусев – еицырдыруа аспортсмен-альпинист, аибашьар Ду аан Клыхәра акаҵәараҿ еибашьуаз 394-тәи ахысратә дивизиа аотриад ҷыда напхгара аиҭон. 1943 шықәса аӡынразы, иара идҵаҟаҵарала Ельбрус афашистцәа рбираҟ ахҳәаны Абираҟ ҟаԥшь ахадыргылеит.