https://sputnik-abkhazia.info/20230808/imagan-apatriott-ekspeditsia-akhykhcharat-makhasa-1047387160.html
Имҩаԥган апатриоттә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа"
Имҩаԥган апатриоттә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа"
Sputnik Аҧсны
Аекспедициа алахәылацәа Аџьынџбтәылатә еибашьра Ду аана аибашьрақәа ахьцоз аҭыԥқәа Кәыдрытәи аиҩхаи Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәеи ирҭааит, иҭахаз... 08.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-08T17:21+0300
2023-08-08T17:21+0300
2023-08-08T18:31+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/08/1047394588_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_42ae3f6ec5471e299c64216d2fb16ab7.jpg
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду аан Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку апатриоттә-ҿартә хатәгәаԥхаралатә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа" аҩбатәи ахәҭа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекспедициа анапхгаҩы, аҭоурыхдырыҩ Сергеи Телешов. Апатриоттә експедициа хықәкыс иамоуп асовет ари анемец ари ахьеибашьуаз аҭыԥқәа рҿы агәаларшәагатә дыргақәа рықәыргылароуп. "Адырга "Перевал воинской славы" ықәыргылоуп Клыхәра, Наҳар, Ҟлыч, Птышь, Аданга ашьхахыҵырҭақәа рҟны. Сынтәа Александр Гусев ишәҟәы "Высота военных альпинистов" аҟынтәи аинформациала адырга ықәҳаргылеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз ашәҟәы аекземплиарқәак Аԥсны аҳәаахьчаратә отриад аиҳаби урыстәылатәи аҳәаахьчаратә усбарҭеи ираҳҭеит аррамаҵзурауаа аԥхьаларц", - ҳәа иҳәеит Телешов. Александр Гусев – еицырдыруа аспортсмен-альпинист, аибашьар Ду аан Клыхәра акаҵәараҿ еибашьуаз 394-тәи ахысратә дивизиа аотриад ҷыда напхгара аиҭон. 1943 шықәса аӡынразы, иара идҵаҟаҵарала Ельбрус афашистцәа рбираҟ ахҳәаны Абираҟ ҟаԥшь ахадыргылеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211119/rosavtodor-aazauaa-kydryti-aikhaa-atransportt-infrastruktura-akhshara-areit-1036405500.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/08/1047394588_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_b34d82b9b2ed4bc1c92fdf238239df54.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Имҩаԥган апатриоттә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа"
17:21 08.08.2023 (ирҿыцуп: 18:31 08.08.2023) Аекспедициа алахәылацәа Аџьынџбтәылатә еибашьра Ду аана аибашьрақәа ахьцоз аҭыԥқәа Кәыдрытәи аиҩхаи Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәеи ирҭааит, иҭахаз рбаҟақәа дрыцқьеит, иара убас иқәдыргылеит "Высота военных альпинистов" захьӡу ахаҳә.
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду аан Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку апатриоттә-ҿартә хатәгәаԥхаралатә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа" аҩбатәи ахәҭа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекспедициа анапхгаҩы, аҭоурыхдырыҩ Сергеи Телешов.
"Ҳара еснагь ҩ-раионк рҭаара ҳҽазаҳшәон, сынтәа - Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи. Кәыдрытәи аиҩхаахь ҳхалеит жәҩык, 1942 шықәса нанҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ара аибашьра ӷәӷәаӡақәа цон. Адгьыл зегь шьала икәабоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Апатриоттә експедициа хықәкыс иамоуп асовет ари анемец ари ахьеибашьуаз аҭыԥқәа рҿы агәаларшәагатә дыргақәа рықәыргылароуп.
© Foto / предоставил Сергей ТелешовИмҩаԥган апатриоттә експедициа "Ахыхьчаратә мҩахәасҭа"

"Адырга "Перевал воинской славы" ықәыргылоуп Клыхәра, Наҳар, Ҟлыч, Птышь, Аданга ашьхахыҵырҭақәа рҟны. Сынтәа Александр Гусев ишәҟәы "Высота военных альпинистов" аҟынтәи аинформациала адырга ықәҳаргылеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз ашәҟәы аекземплиарқәак Аԥсны аҳәаахьчаратә отриад аиҳаби урыстәылатәи аҳәаахьчаратә усбарҭеи ираҳҭеит аррамаҵзурауаа аԥхьаларц", - ҳәа иҳәеит Телешов.
Александр Гусев – еицырдыруа аспортсмен-альпинист, аибашьар Ду аан Клыхәра акаҵәараҿ еибашьуаз 394-тәи ахысратә дивизиа аотриад ҷыда напхгара аиҭон. 1943 шықәса аӡынразы, иара идҵаҟаҵарала Ельбрус афашистцәа рбираҟ ахҳәаны Абираҟ ҟаԥшь ахадыргылеит.