АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа жәохә шықәса рыҩнуҵаҟа аусура ду мҩаԥган ҳәа лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова. Лара иҟалҵаз ахҳәаа кьыԥхьуп аусбарҭа асаит аҿы.
Захарова инаҵшьны иазгәалҭеит, арҭ аиҿцәажәарақәа ишрлыҵшәоу иахьа Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҳәаақәа рҿы иучҳартә иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа.
"Еиуеиԥшым аиҿагыларақәа аҭыԥ шрымоугьы женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ирылшеит ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа-аахыҵуаԥстәыла аҳәаақәа рҟны аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа аус руа рыҟаҵара, уахи-ҽни аус зуа аимадара ҷыда ашьақәыргылара. Аус рыдулоуп аҳәаа наҟ-ааҟтәи аганқәа рҟны азинхьчаратә усбарҭақәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи (ЕС, ООН, ОБСЕ) Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны аҭыԥантәи аграждантәи административтәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи русура аишьаршәалара алгоритмқәа. Ари зегьы аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы аимакқәа аҭыԥ рықәҵареи, агуманитартә проблемақәа аҭыԥ рықәҵареи, егьырҭ азҵаарақәа рыӡбарие рзы хра рылоуп", - ҳәа азгәаҭоуп Захарова иҟалҵаз ахҳәааҿы.
Убри аан Урыстәыла ААР ахаҭарнак илҳәеит Мраҭашәара аҽазышәара шымҩаԥнаго арҭ аиҿцәажәарақәа ахьынӡаӷәӷәоу гәарҭарц, убас ааигәа иҟамыз-ианымыз аԥынгылақәа инарыдҳәаланы аиҿцәажәарақәа реилатәарақәак ахыган.
"Арегион аҿы ашәарҭадараз ацәшәарақәа рыҽшдырҭбаауаз гәарҭо ианалага уаанӡатәи аформат ахь ихынҳәит. Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟа аиԥыларақәа рдинамикеи аиҿцәажәаарқәа рымшхәаԥштәи аполитикатә кониунктуреи ирԥыршьрым ҳәа", - лҳәеит лара.
Захарова иазгәалҭеит Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵазар (2008ш. нанҳәа 26 – аред.) атәылақәа хаз иҟоу ҳәынҭқаррак аиԥш рышьақәгыларазы амҩа ду ишанысыз. Москва, Аҟәеи Цхинвали инарывагыланы Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алыршараз аҽышәара мҩаԥнагоит, иара убасгьы аҳәаақәа рделимитациеи рдемаркациеи, избанзар ашәарҭадара аусхк аҟны ишьақәтәоу аиқәшаҳаҭрақәа рых-ҳәынҭқаррак рзы аҵакы рымоуп, ринтересқәа ирыҵанакуеит.