Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гыцба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: ҳгәаанагара аҳәара ахьҳалшо ҭыԥуп

Гыцба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: ҳгәаанагара ҳхала иаҳҳәартә иахьҳалшо ҭыԥуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара адепутат Инар Гыцба арадио Sputnik аефир аҿы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рраунд ацашьа ахҳәаа аиҭеит.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы 58-тәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысит ԥхынгәы 11-12 рзы. Ақырҭуа ган иарбанзаалак амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы адокумент аганахь ала ажәалагалақәа рылацәажәара мап ацәнакуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Хымԥада, аицәажәарақәа алҵшәа рымоуп, ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы Гыцба.
"Ганкахьала алҵшәа убарҭаӡам, уи аиқәшаҳҭра анапаҵаҩра аганахьалоуп, аха уаҟа еибаҳҳәо азҵаарақәа рацәоуп. Ҩ-гәыԥкны аусура мҩаԥысуеит, аполитикатәи агуманитартә зҵаарақәеи рзы. Агуманитартә зҵаарақәа рҿы алҵшәа ыҟоуп. Иқәҳаргыло азҵаарақәа хра рылоуп. Аха, ҳара ҳзы, Женеватәи аиԥыларақәа уи жәларбжьаратәи еиԥыларақәоуп, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа злаху. Уа ҳара ҳгәаанагарақәа ҳхала иаҳҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп. Уи ада ҳахьеиқәшәо ҭыԥ ҳамаӡам. Уи ҟамлар, шьоукы ҳгәаанагара аҳәара иашьҭалоит", – ҳәа иҳәеит Гыцба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0