Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Запорожие аҳәаанырцәынтә қьырала еибашьуа рҭыԥ ааха арҭеит

Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла 139 раион рыҟны украинатәи ари аибашьыгатә техникеи аԥхасҭа рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11- Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа Запорожие ақалақь иахьаҵанакуа аҳәаанырцәынтә қьырала еибашьуа аамҭалатәи рҭыԥ ааха арҭеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы иҟәыбаса иқәҵоуп украинатәи амеханизациа зызу 24-тәи, 43-тәи, 60-тәи абригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәеи 108-тәи аҭыԥхьчаратә бригадеи.
Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә хьчара ахархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 16.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы қәҿиарала ажәыларақәа ԥшьба аԥырҟәҟәаауп, иара убас украинатәи амеханизациа зызу 32-тәи, 41-тәи, 44-тәи 67- тәи абригадақәа ржәыларақәа. Аӷа ахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 165-ҩык инареиҳаны аруааи, акәылӡмашьынақәа ҩбеи, апикапқәа ҩба, ахаланыҟәаратә гаубица "Krab" , аконтрбатареиатә арадиолакациатә станциа AN/TPQ-50.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 40 карыжьит
Донецктәи ахырхарҭаҿы 5 жәыларак аԥырҟәҟәаауп, иҭархоуп 180-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа быжьба, апикапқәа ҩба, ҩ-машьынак азениттә ракетатә комплекс "Стрела-10", ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin", ҩ-гаубицак Д-20.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 50-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, ҩ-машьынак, агаубицақәа Д-20 ҩба.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы - 60-ҩык украинатәи аибашьцәа, автомашьынақәа хԥа, Д-30, Краснолимантәи ахырхарҭаҿы - 115-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубица Д-30.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 20-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-пикапк, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла М777, ахаланыҟәаратә шьақәгыла "Гвоздика".