Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 40 карыжьит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота противовоздушной обороны России на Запорожском направлении
Работа противовоздушной обороны России на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә хьчара ахархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS, Ураган рреактивтә хгәыцәқәа хәба.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 38 карыжьит ДЖәР, Харковтәи, Запорожиатәи, Херсонтәи аобластқәа рҿы, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә хьчара ахархәагақәа аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 38 карыжьит аиланхарҭақәа Першотравневое – Харковтәи аобласт, Горловка, Георгиевка, Василиевка – Донецктәи Жәлар Рреспублика, Чапаевка – Запорожиатәи аобласт, Василиевка - Херсонтәи аобласт рҿы", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа ааха рырҭеит УАМ аруааи атехникеи 146 раион рҿы, еилаԥыххаауп амеханизациа зызуу 28-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, 63-тәии 110-тәии абригадақәа рнапхгараҭарҭақәа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа быжьба аԥырҟәҟәаауп. Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 55-ҩык аруааи, акәылӡмашьынақәа ҩбеи, автомашьынақәа хԥеи, артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin", артиллериатә система М777.
Донецктәи ахырхарҭаҿы 17 жәылара аԥырҟәҟәаауп, иҭархоуп 290-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгылақәа "Krab", "Акация", артиллериатә система М777, ҩ-гаубицак Д-20.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы - 125-ҩык украинатәи аибашьцәа, атанк, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба, х-гаубицак "Мста-Б", Д-20, Д-30, на Краснолимантәи ахырхарҭаҿы - 60-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубица "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акация".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа ҩба, иҭархоуп 130-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, агаубицақәа "Мста-Б", Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гиацинт-С".
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 30-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-пикапк, агаубица Д-30, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36.
Ажәабжьқәа зегьы
0