Аԥсны

Аԥсны ашәарыцара аамҭа анаатуа арыцхә ҳәоуп

Традициа ҳасабла ашәарыцара аамҭа иалагоит ачашәарала.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Нанҳәа 19 рзы Аԥсны иаадыртуеит ашәарыцаратә аамҭа ҳәа иҳәеит Sputnik аефир аҿы Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
Традициа ҳасабла изеишәарыцо ачақәа ракәхоит. Ашәарыцараан ҽнакала иушьуа ачақәа ҩажәа иреиҳамзароуп .
"Ачашәара азин ыҟоуп нанҳәа 19 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа. Анаҩс: цәыббра 15 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа амшәқәа рышьра ҟалоит, абынҳәа, аԥслаҳә, ашьабысҭа, абынҳәа рышьразы азин ыҟоуп жьҭаара 1 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа. Ашәарыцараан ҽнакала иушьуа ачақәа ҩажәа иреиҳамзароуп, ацыблыкьқәа – хәба", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Ареспубликаҿ ашәарыцаратә аамҭа хыркәшахоит хәажәкыра 15 рзы. Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа.
Уи адагьы, ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә ҭыԥқәа рыҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша х-километрак иахьаҵанакуа.
Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп х-шәҟәык: ашәарыцаратә еилазаара аҟынтә ашәҟәы, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы абӷьыц.