https://sputnik-abkhazia.info/20230812/asny-asharytsara-aama-anaatua-arytskh-oup-1047449760.html
Аԥсны ашәарыцара аамҭа анаатуа арыцхә ҳәоуп
Аԥсны ашәарыцара аамҭа анаатуа арыцхә ҳәоуп
Sputnik Аҧсны
Традициа ҳасабла ашәарыцара аамҭа иалагоит ачашәарала. 12.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-12T10:10+0300
2023-08-12T10:10+0300
2023-08-12T10:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101952/40/1019524085_0:317:6016:3701_1920x0_80_0_0_f06adbbf1cb993cf095af30a5ba955f2.jpg
АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Нанҳәа 19 рзы Аԥсны иаадыртуеит ашәарыцаратә аамҭа ҳәа иҳәеит Sputnik аефир аҿы Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа. Традициа ҳасабла изеишәарыцо ачақәа ракәхоит. Ашәарыцараан ҽнакала иушьуа ачақәа ҩажәа иреиҳамзароуп . Ареспубликаҿ ашәарыцаратә аамҭа хыркәшахоит хәажәкыра 15 рзы. Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа. Уи адагьы, ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә ҭыԥқәа рыҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша х-километрак иахьаҵанакуа. Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп х-шәҟәык: ашәарыцаратә еилазаара аҟынтә ашәҟәы, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы абӷьыц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101952/40/1019524085_331:0:5686:4016_1920x0_80_0_0_d8e771434db7118a7748371a25050061.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны ашәарыцара аамҭа анаатуа арыцхә ҳәоуп
Традициа ҳасабла ашәарыцара аамҭа иалагоит ачашәарала.
АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Нанҳәа 19 рзы Аԥсны иаадыртуеит ашәарыцаратә аамҭа ҳәа иҳәеит Sputnik аефир аҿы Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
Традициа ҳасабла изеишәарыцо ачақәа ракәхоит. Ашәарыцараан ҽнакала иушьуа ачақәа ҩажәа иреиҳамзароуп .
"Ачашәара азин ыҟоуп нанҳәа 19 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа. Анаҩс: цәыббра 15 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа амшәқәа рышьра ҟалоит, абынҳәа, аԥслаҳә, ашьабысҭа, абынҳәа рышьразы азин ыҟоуп жьҭаара 1 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа. Ашәарыцараан ҽнакала иушьуа ачақәа ҩажәа иреиҳамзароуп, ацыблыкьқәа – хәба", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Ареспубликаҿ ашәарыцаратә аамҭа хыркәшахоит хәажәкыра 15 рзы. Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа.
Уи адагьы, ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә ҭыԥқәа рыҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша х-километрак иахьаҵанакуа.
Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп х-шәҟәык: ашәарыцаратә еилазаара аҟынтә ашәҟәы, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы абӷьыц.