Аԥсны

"Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы": аибашьра раԥхьатәи амш аибашьра амшынҵа адаҟьақәа рыла

Sputnik
Август 14, 1992 шықәса – ҳаамҭазтәи Аҧсны аҭоурых аҿы адаҟьа ҿыц аазыртыз мшхеит. Ари амш инаркны ҳаҧсҭазаара шахеит "аибашьра ҟалаанӡеи" "аибашьра ашьҭахьтәи" аамҭақәа ҳәа. Аӡәырҩы рлахьынҵа аҧсахит ари амш. Ҳаргәылаҧшып аибашьра анцоз зыблала избаз, иалахәыз, аибашьцәа ирыҿцәажәаны аҭоурых анызҵоз аибашьра акорреспондент ҳәа раҧхьатәи амш инаркны аршаҳаҭга знапы иакыз Кәасҭа Габниа имшынҵақәа. Араҟа иаҳбоит август 14 аҧсуаа ргәы иҭамкәа, рхы иҭамкәа еибашьыҩцәаха иаақәымгылар ада ҧсыхәа амукәа ишыҟалаз.
Ашьа зхьыршоу амшынҵа
Чачхалиа Лавренти, ҧақәашьтәуп, 46 шықәса ихыҵуан аибашьраан. Аибашьра иалагаанӡа Аҟәа абанк аҿы аус иуан. Аибашьра аламҭалаз Урыстәыла, ақалақь Ижевск дыҟан, иусура аганахьала:
"Август 14 рзы Ижевск инхо ҳҩызак – Рауль Кәыҵниа иҿы ҳтәаны ателербага ҳшахәаҧшуаз иҳаҳаит Аҧсны ақырҭцәа шақәлаз, аибашьра ишалагаз. Иҳаҳаз даара ҳаргачамкит, иахаҳҳәаара ҳзымдыруа ҳҟалеит. …Ҳааидтәалан жәаҩык раҟара аҧсуа ҷкәынцәа, иҳаӡбеит Ижевск ааигәа-сигәа иҟоу аҧсуаа аҷкәынцәа аҭел ҳарзасны џьарак ҳҽеизаҳгарц. Ус егьыҟаҳҵеит… Аҳәааҿы ҳахьааиз аурысцәа ҳаурмыжьит: "уахь шәцо иҟам, ақырҭцәа рнапаҿы иааргеит" ҳәа, - абас Лавренти амшынҵақәа равтор изеиҭеиҳәеит.
Кәасҭа Габниа
Аибашьра актәи амш инаркны Аҧсны анҭыҵ иҟаз, аха зыҧсадгьыл азы згәы былуаз аҧсуаа рыдгьыл ахьчараз иаауан. Аҳәааҿгьы урҭ аҧынгыларақәа анроулак, шьхала ихыҵуан. Ақырҭцәа ракәзаргьы, ирҧылоз зегьы ааныркылон, ирытҟәон, иршьуан аҭынчуааҧсыра иахьагьы рыҧхыӡ иалоу ажәақәа ҳәо.
"Аҧсны шьҭа иҟам, уи ахьӡ шәхашәыршҭ, иҟоу Қырҭтәыла ауп. Гәдоуҭазаҵәык ауп инха, уигьы сааҭқәак роуп лахьынҵас иазынхаз, уагьы ишәҳарбап Қырҭтәыла абираҟ шәыршәыруа ишахагылоу", - ҳәа ҳарҳәон ҳәа еиҭеиҳәон аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы иртҟәаз Аҧсны аҵеи лаша Лаша Коӷониа.
Лаша Коӷониа
"Аҧсны ахьӡ ҳәа ыҟам, Қырҭтәыла ахьӡуп. Арӡынба дҭакуп", - ҳәа ҳарҳәон. Даҽа џьоукых: "Аҧсны ааныжьны дцеит Урыстәылаҟа, аҧсуаа ҩышә-хышәҩык инхазгьы харак имгакәа ара иааҳгараны ҳаҟоуп, шәарҭгьы лашарак мбакәа шәхәыҵаҳшьуеит", - рҳәон", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара убасҵәҟьа аибашьра раҧхьатәи амш азы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иртҟәаз, аха нас зеиҭныҧсахлара алыршахаз Гогли Гогәуа.
Гогли Гогәуа
Мчыбжьык ала Аҧсны ҳампыҵаҳхалоит ҳәа згәы иҭаз Қырҭтәыла агрессорцәа абри аҩыза аинформациа рыладырҵәон ауааҧсыра, ргәы рышьҭуеит, идыршәоит ҳәа иаҿын. Аха аӷа ишиҭахыз изыҟамлеит. Усҟан аибашьра ҟалоит ҳәа згәы иҭамызгьы аҷкәынцәа ҽнакала еибашьыҩцәа гәымшәақәаны инагылт.

"Аибашьра ахаан иҳамбацызт, шәҟәылеи кинои рыла акәымзар. Раҧхьаӡа аӡәы иқәкны санхыс, снапқәа ҵысҵысуан, сцәеи-сжьи ихьшәашәаӡа аҧхӡы аасықәнаҭәеит. Уи минуҭқәак ракәын, нас инасыхҟьеит, - ҳәа аибашьра раҧхьатәи амшқәа дрылацәажәон Рауф Вели-оӷлы. – Ҳгәы ҧжәон агранатомиотқәа ахьҳамамыз, ҳаҧсахы еибакуан БМП, БТР уҳәа иаҳбақәоз ахьҳазҭамырхоз. Иҳамамызт урҭ ҭазырхо агранатқәа. Аха ус егьа ҳаҟазаргьы, ҳгәы каҳмыжьит…" - ҳәа иациҵон иара.

Раҧхьаӡа еиҿкааз аиҿагылара ҟалеит Аҟәа, Ацҳа ҟаҧшь аҿы. Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ажәлар ирыларҳәеит амобилизациа.
"Аиҳабыра ус ҳаларҳәеит: "Абџьар змоу, аамҭа харак имгакәа, шәҽеиқәыршәаны, акультуратә хан аҧхьа шәеиза", - ҳәа. Абџьарқәа змаз ҳаизеит акультуратә хан аҧхьа, 120-ҩык. Автобусқәа ҩба игылаз ҳрықәыртәаны ҳрышьҭит Гәымсҭа ҳар ахьгылаз аполк ахь. Араҟа митәык ҳаанырымкылаӡеит, ҳдәықәырҵеит Аҟәаҟа, Ацҳа ҟаҧшь ахь. Уаҟа аиҿахысра ӷәӷәа цон, ашьа кашуан, заа ицахьаз ацхыраара рыҭатәын. Аҟәа, Ацҳа ҟаҧшь аҿы ҳнеит август 14, асааҭ 10 рзы. Ҳзықәтәаз автобусқәа уахь инамгакәа, ааигәара џьара иҳаргылеит… Шьапыла ҳҿынаҳхеит. Ҳаннеи, аиҿахысра иахьаҿыз, ҳара ҳнеиаанӡа, Аҟәа иаланхози заа ҳаҧхьа иаахьази, доусы ирымақәаз абџьарқәа рыла ахырӷәӷәарҭа кны иҟан. Ҳа ҳтәқәа ауха танкк ҳәынҷаны иргеит", - ҳәа ари амш атәы еиҭеиҳәон Иура Қардаа, уи иҿахәгьы имшынҵаҿы ианиҵеит Кәасҭа Габниа.
Ишьаарҵәырахаз август 14, ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра азықәҧара иамшны иҟалеит. Ҳаҧсҿыхыҩцәа ззықәҧоз ҳара ҳхатә ҳәынҭқарраҿы ҳбызшәа, ҳаҧсуара ҧырхага амамкәа иҿиаларц, ҧхьаҟа аизҳара аиурцазы акәын.
Ихнымҳәыз ҳаибашьцәа ззықәҧоз аидеиа мыӡааит!
"Аибашьра акорреспондент Кәасҭа Габниа имшынҵа" аҟынтәи.
"Аҧсҭазаараҿы еснагь сзыҳәоз аҭынчреи, ааӡареи, ҳаҧсадгьыл, ҳаҧсуара, ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧши акәын. Ҳаззегьы гәҭакык-гәҭакык ҳаман, ҳахьымӡеит. Аӷа иҭахын аҧсуара ихәаҽырц, ҧсыуак ибжьы Аҧсны иқәмыҩларц, уи дашьҭан аҧсуаа ықәихырц. Аха дара ишырҭаху изыманшәалахом. Агәра згоит, Аҧсны ахы иақәиҭны, иара ахатәы закәанқәа рыла ишыҟало!.." - ҳәа ҳаиҳәоит аибашьра адәаҟынтәи ихнымҳәыз аибашьҩы, октиабр 12, 1992 шықәсазы зыдҵа нагӡаны иҭахаз, Леон иорден занашьоу Лаша Коӷониа.
"Сахьаԥсыуаз азы срыпҟон": аибашьра раԥхьатәи амш иацу агәалашәарақәа
Аматериал аиқәыршәараҿы хархәара азуп "Аибашьра акорреспондент Кәасҭа Габниа имшынҵа". Еиқәлыршәеит, аҭыжьра иазлырхиеит, аҧхьажәа лҩит Е. В. Ҭодуа. Аҟәа, 2016.