Ашьа зхьыршоу амшынҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукЕсма Тодуаԥҳа лышәҟәы
Есма Тодуаԥҳа лышәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵааратә усзуҩ Есма Тодуаԥҳа еиҭалҳәеит Кәасҭа Габниа иеибашьратә мшынҵа аҭыжьра шыҟалаз атәы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik 

Аҵарауаҩ Есма Ҭодуаԥха иҭлыжьит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шықәсқәа) иалахәыз акорреспондент Кәасҭа Габниа имшынҵа. Уи аибашьра раԥхьатәи амш инаркны Дәрыԥшьаа ргәыԥ далан. Ақьаад ианиҵо далагеит иибоз, дызлахәыз ахҭысқәа.

"Лахьынҵала акәу машәырны иҟалоу сыздыруам, аха Кәасҭа Семион-иԥа Габниа инапылаҩырақәа сара снапаҿы иаанагеит 2010 шықәсазы. Усҟан сара ахатәы телехәаԥшра "Абаза" аҿы аус зуан аԥсуа редакциа акорреспондентс", — лҳәеит лара.

Аредакциа илынаҭаз адҵала, Аҟәа ахақәиҭра амш азгәаҭара аламҭалазы, Есма арепортаж ҭылхуан Аҟәатәи ашьхараҿы. Убасҟан уи дзыҿцәажәоз ауаа рыбжьара дыҟан Кәасҭа Габниа иԥҳа Акта.

"Ҳаицәажәара аан, лара исалҳәеит аибашьра аан лара лаб корреспондетн ҳасабла афронт ахь дышцаз. Уи амшынҵа ианиҵоз аҩырақәа, иара убас аибашьцәа дрыҿцәажәаны иҟаиҵоз анҵамҭақәа аҩны иҵәахны ишрымоу", — азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Уи амш инаркны Есма Ҭодуаԥҳа дазхәыцуан илаҳаз, амшынҵа абарагьы акыр илҭахын.

© Из дневника военного корреспондента Константина Габниа
Из дневника военного корреспондента Константина Габниа - Sputnik Аҧсны
Из дневника военного корреспондента Константина Габниа

"Нас рыҩны сцан, урҭ анапылаҩырақәа сыргәылаԥшит, уи иазкны ателехәаԥшраҿы анҵамҭагьы ҟасҵеит. Ашьҭахь аҭаацәа рыгәрагарала, анапылаҩырақәа срыҳәан ирымсхит аус адулара азыҳәан", — лҳәеит лара.

Ашьа зхьыршыз ақьаад

Анапылаҩырақәа даныргәылаԥш Есма Ҭодуаԥха илбеит блакнотк ашьа зхьыршыз шрылаз.

"Уи иара Кәасҭа Габниа ишьа акәын. Сентиабр 25 1993 шықәсазы, Аҟәа ахы ианақәиҭыртәуаз дҭахеит. Абри анызба нахыс, аҵыхәтәантәи ацәаҳәақәа санрыԥхьа, убри даара иснырит, хықәкысгьы ишьҭысхит хымԥада абри ауаҩы ихы зқәиҵаз ҭоурыхны иаанхарц азы амшынҵа аҭыжьра", — лҳәеит аҵарауаҩ.

Убри инаркны анапылаҩырақәа аус рыдулара далагеит, Кәасҭа Габниа аибашьра адәаҿы ианиҵоз аҩырақәа абиԥара ҿыцқәа рҟынӡа инаӡарц азы. Ашәҟәы аиқәаршәараан Есма Ҭодуаԥҳа консультантцәас илыман Дәрыԥшьтәи агәыԥ аибашьцәа Муса Таниеи Оҭар Гәымбеи. Ашәҟәы ҭыжьын Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҟны.

"Анапылаҩырақәа рҿы иҟан ахҩаалақәа. Аибашьра анцоз амоментқәа рзы ирццакны ианиҵон, иҵәаӷәақәаз ыҟан, иахьшьыз ыҟан. Убри аҟнытә иҟаиҵон ахҩылаақәа, сара урҭ рҟынтә иалскааит еиҳа инагӡаз аформақәа", — лҳәеит Ҭодуаԥҳа.

Уи иазгәалҭеит, ашәҟәы иагәылоу амшынҵақәа рыхәҭак ашәҟәыҩҩы Сарион Ҭаркьыл ажурнал "Алашара" аҟны ишикьыԥхьхьаз. Аха зегь раԥхьа урҭ анылеит агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа рҿы.

"Аха иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь анапылаҩырақәа уаҳа уаҩ дырмылакьысӡацызт", — лҳәеит Ҭодуаԥҳа.

© Фото : АТКонстантин Габниа
Константин Габниа - Sputnik Аҧсны
Константин Габниа

Кәасҭа Габниа диит Дәрыԥшь ақыҭаҿы, 1941 шықәсазы. Далгеит Аҟәатәи Асахьаҭыхратә школ 1980 шықәсазы. 1982-1983, иара убас 1985-1987 шықәсқәа рзы ақыҭсовет Жәлар рдепутатс дыҟан. Уи алафтә жәабжьқәа реизга "Шәмыччан" захьӡу давторуп (1990 шықәса). Иара абри ашықәс азы, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" ахь ириҭеит аҩбатәи ашәҟәы, уи жәлар рҳәамҭақәа шьаҭас иаман. Аха уи аҭыжьра дахьымӡаӡеит Аԥсны усҟан иҟаз аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0