Аԥсны

Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит

Урыстәылатәи атуроператорцәа рыӡбахә рҳәеит акадифаамҭаз аԥсшьара еиҳа заанаҵы аҭыԥқәа ахьааныркыло акурортқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит Вестник АТОР.
Аоператорцәа рдыррала актәи аҭыԥ ннакылоит Шәача, аҩбатәи – Анапа, ахԥатәи – Аԥсны.
Акадифаамҭаз аҿаҵарақәа 35% рыла ирызҳаит ҳәа адыррақәа ҟанаҵоит атуроператор АЛЕАН. Аиҳарак заа аҭыԥқәа ааныркылоит Гагра, Аҟәа, Пицунда.
Убри аан аекспертцәа ражәақәа рыла, ахәқәа ареспубликаҿ ҭагалан еиҳа еиҵоуп аԥхын аасҭа 15-50% рыла, амзеи аԥсшьарҭатә хыбрақәеи ирҿырԥшны.
Цәыббрамзазы Шәачеи Анапеи реиԥш Аԥснытәи асасааирҭақәагьы 100% иҭәуеит.
Атурџьармыкьа алахәылацәа ргәаанагарала, авалиута акурс иаалырҟьан ашьҭыҵра атуристцәа аҳәаанырцәтәи акурортқәа рҟынтәи аҩнуҵҟатәи акурортқәа ирызхьадырԥшуеит. Ихадоу бенефициарны иҟалоит Шәачеи Аԥсни, акыраамҭатәи аԥсшьареи аҳаиреимадара ахьыҟоуи рзы.