https://sputnik-abkhazia.info/20230817/asny-akadifaamat-ssharaz-zaanay-iaanyrkylo-aya-rybzhara-akhati-ay-aannakyleit-1047550529.html
Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит
Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуроператорцәа рыӡбахә рҳәеит акадифаамҭаз аԥсшьара еиҳа заанаҵы аҭыԥқәа ахьааныркыло акурортқәа. 17.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-17T14:39+0300
2023-08-17T14:39+0300
2023-08-17T15:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/16/1046493633_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_57df0685020031d736d5dee0c01e61bc.jpg
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит Вестник АТОР. Аоператорцәа рдыррала актәи аҭыԥ ннакылоит Шәача, аҩбатәи – Анапа, ахԥатәи – Аԥсны. Убри аан аекспертцәа ражәақәа рыла, ахәқәа ареспубликаҿ ҭагалан еиҳа еиҵоуп аԥхын аасҭа 15-50% рыла, амзеи аԥсшьарҭатә хыбрақәеи ирҿырԥшны. Цәыббрамзазы Шәачеи Анапеи реиԥш Аԥснытәи асасааирҭақәагьы 100% иҭәуеит. Атурџьармыкьа алахәылацәа ргәаанагарала, авалиута акурс иаалырҟьан ашьҭыҵра атуристцәа аҳәаанырцәтәи акурортқәа рҟынтәи аҩнуҵҟатәи акурортқәа ирызхьадырԥшуеит. Ихадоу бенефициарны иҟалоит Шәачеи Аԥсни, акыраамҭатәи аԥсшьареи аҳаиреимадара ахьыҟоуи рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/16/1046493633_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_b62e2352a11edb234c8cc461215048fe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит
14:39 17.08.2023 (ирҿыцуп: 15:00 17.08.2023) Урыстәылатәи атуроператорцәа рыӡбахә рҳәеит акадифаамҭаз аԥсшьара еиҳа заанаҵы аҭыԥқәа ахьааныркыло акурортқәа.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны акадифаамҭатә ԥсшьараз заанаҵы иааныркыло аҭыԥқәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит Вестник АТОР.
Аоператорцәа рдыррала актәи аҭыԥ ннакылоит Шәача, аҩбатәи – Анапа, ахԥатәи – Аԥсны.
Акадифаамҭаз аҿаҵарақәа 35% рыла ирызҳаит ҳәа адыррақәа ҟанаҵоит атуроператор АЛЕАН. Аиҳарак заа аҭыԥқәа ааныркылоит Гагра, Аҟәа, Пицунда.
Убри аан аекспертцәа ражәақәа рыла, ахәқәа ареспубликаҿ ҭагалан еиҳа еиҵоуп аԥхын аасҭа 15-50% рыла, амзеи аԥсшьарҭатә хыбрақәеи ирҿырԥшны.
Цәыббрамзазы Шәачеи Анапеи реиԥш Аԥснытәи асасааирҭақәагьы 100% иҭәуеит.
Атурџьармыкьа алахәылацәа ргәаанагарала, авалиута акурс иаалырҟьан ашьҭыҵра атуристцәа аҳәаанырцәтәи акурортқәа рҟынтәи аҩнуҵҟатәи акурортқәа ирызхьадырԥшуеит. Ихадоу бенефициарны иҟалоит Шәачеи Аԥсни, акыраамҭатәи аԥсшьареи аҳаиреимадара ахьыҟоуи рзы.