АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра Риҵатәи апарк ацхыраара лас амашьына арҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит автомашьына еиҳа ишармарио Риҵатәи апарк аҭааҩцәа иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аамҭа мгакәа ацхыраара аиура "ахьы иаԥсоуп".
"Амҩатә машәыр, ахаҳәлеира ма даҽа ҭагылазаашьа ҷыдак аан амедцхыраара Гагра ма Гәдоуҭа ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи инеир акәын. Уи амҩа акыр иқәхон, еиҳарак аԥхынра", - иҳәеит аминистр.
Апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ахаҳә рацәаны илеиуа иалагеит, имаҷым амҩатә машәырқәа. Иҟоуп ааха змоу ауаа аамҭа мгакәа ахәышәтәырҭахь амҩа ианықәгалатәу. Имҩасуа амашьынала ргара ианақәшәо ыҟоуп", - иҳәоит Багаҭелиа.
Автомашьына еиқәыршәоуп аинтенсивтә терапиа амедицинатә хархәагақәа рыла, аҵәыҵәри абаллонқәа рыла. Иара хәарҭоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу апациентцәа рызгьы.