https://sputnik-abkhazia.info/20230821/agabziarakhchara-aministrra-riati-apark-atskhyraara-las-amashyna-areit-1047599839.html
Агәабзиарахьчара аминистрра Риҵатәи апарк ацхыраара лас амашьына арҭеит
Агәабзиарахьчара аминистрра Риҵатәи апарк ацхыраара лас амашьына арҭеит
Sputnik Аҧсны
Автомашьына еиқәыршәоуп аинтенсивтә терапиа амедицинатә хархәагақәа рыла, аҵәыҵәри абаллонқәа рыла. Иара хәарҭоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу апациентцәа рызгьы. 21.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-21T18:00+0300
2023-08-21T18:00+0300
2023-08-21T18:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/15/1047597941_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_b9255a0f648e556fb3048f225848f07d.jpg
АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра Риҵатәи апарк ацхыраара лас амашьына арҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит автомашьына еиҳа ишармарио Риҵатәи апарк аҭааҩцәа иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аамҭа мгакәа ацхыраара аиура "ахьы иаԥсоуп". "Амҩатә машәыр, ахаҳәлеира ма даҽа ҭагылазаашьа ҷыдак аан амедцхыраара Гагра ма Гәдоуҭа ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи инеир акәын. Уи амҩа акыр иқәхон, еиҳарак аԥхынра", - иҳәеит аминистр. Апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит. "Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ахаҳә рацәаны илеиуа иалагеит, имаҷым амҩатә машәырқәа. Иҟоуп ааха змоу ауаа аамҭа мгакәа ахәышәтәырҭахь амҩа ианықәгалатәу. Имҩасуа амашьынала ргара ианақәшәо ыҟоуп", - иҳәоит Багаҭелиа. Автомашьына еиқәыршәоуп аинтенсивтә терапиа амедицинатә хархәагақәа рыла, аҵәыҵәри абаллонқәа рыла. Иара хәарҭоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу апациентцәа рызгьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/15/1047597941_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_f4cbf6c9da976291b68266ff2283f5c8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Агәабзиарахьчара аминистрра Риҵатәи апарк ацхыраара лас амашьына арҭеит
Автомашьына еиқәыршәоуп аинтенсивтә терапиа амедицинатә хархәагақәа рыла, аҵәыҵәри абаллонқәа рыла. Иара хәарҭоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу апациентцәа рызгьы.
АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра Риҵатәи апарк ацхыраара лас амашьына арҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит автомашьына еиҳа ишармарио Риҵатәи апарк аҭааҩцәа иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аамҭа мгакәа ацхыраара аиура "ахьы иаԥсоуп".
"Амҩатә машәыр, ахаҳәлеира ма даҽа ҭагылазаашьа ҷыдак аан амедцхыраара Гагра ма Гәдоуҭа ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи инеир акәын. Уи амҩа акыр иқәхон, еиҳарак аԥхынра", - иҳәеит аминистр.
Апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ахаҳә рацәаны илеиуа иалагеит, имаҷым амҩатә машәырқәа. Иҟоуп ааха змоу ауаа аамҭа мгакәа ахәышәтәырҭахь амҩа ианықәгалатәу. Имҩасуа амашьынала ргара ианақәшәо ыҟоуп", - иҳәоит Багаҭелиа.
Автомашьына еиқәыршәоуп аинтенсивтә терапиа амедицинатә хархәагақәа рыла, аҵәыҵәри абаллонқәа рыла. Иара хәарҭоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу апациентцәа рызгьы.