Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа 40 дрон инарзынаԥшуа иҭадырхеит

2022 шықәса жәабран 24 раахыс урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчқәа икарыжьхьеит ф-нызқь инарзынаԥшуа украинатәи адронқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аоперациа ҷыда ахьцо аҭыԥ аҟны икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 39, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"ЛЖәР - Николаевка, Золотаревка, Новозвановка, Кременнаиа, ДЖәР - Берестовое, Кодема, Александровка, Херсонтәи аобласт Каховка ҿыц, Запорожтәи области Мирное, Трудовое аиланхарҭақәа рҿы аҳауаҿагыларатә мчқәа рхархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS ԥшьба. Уи адагьы иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 39", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа ааха рырҭеит УАМ аруааи атехникеи 139 раион рҿы, еилаԥыххаауп амеханизациа зызуу 46-тәи абригадеи 1-тәи атанктә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭеи.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа хәба аԥырҟәҟәаауп. Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 55-ҩык аруааи, акәылӡмашьынақәа ԥшьбеи, автомашьынақәа ҩбеи, агаубица Д-20, аконтрбатареиатә арадиолакациатә станциа AN/TPQ-50. 103-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Урыстәыла
Подмосковие икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы - аӷа ижәыларақәа ԥшьба аԥырҟәҟәауп. Иҭархоуп 125-ҩык инареиҳаны украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа 9.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа хԥа, иҭархоуп 240-ҩык асолдаҭцәа, аибашьыгатә машьынақәа хәба, автомашьынақәа ҩба,акәылӡмашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла М777.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 15-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, автомашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла М777 - ҩба, агаубица Д-30.