Урыстәыла

Подмосковие икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота ПВО второго армейского корпуса на Южном направлении
Работа ПВО второго армейского корпуса на Южном направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2023
Анапаҵаҩра
Москва аҳаиртә баӷәазақәа рҟны аҳаирпланқәа роушьҭреи рыдкылареи рзы аамҭалатәи аԥкрақәа ыҟан. Уажәы дара аштаттә режим ала аус руеит.
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Подмосковие нанҳәа 21 рзы икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Асааҭ 08:16 рзы иаԥырҟәҟәаан киевтәи арежим иагәҭакыз атеррористтә жәылара. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Москватәи аобласт Истратәи араион аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба карыжьит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Telegram-канал аҿы Москва ахада Сергеи Собианин иҳәеит адрон акаҳара иахҟьаны ԥхасҭа ҟамлеит ҳәа.
Иахьа ашьыжь арадиоелектрон-ҿагыларатә хархәагақәа Подмосковие Рузское араион аҿы Покровское ақыҭаҿ украинатәи адрон карыжьит.
Ажәабжьқәа зегьы
0