Аԥсны

Акадифаамҭа: изеиԥшрахозеи Аԥсны ҭагалантәи аԥсшьара

Аԥсны атуризм аминистрра адыррала ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа цәыббрамзаз ареспубликаҿ аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара 10-15% иацлеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Акадифаамҭаз ҳаззыԥшуи иахьазы заа иааныркылахьоу аҭыԥқәеи рганахьала алҵшәа бзиа ыҟоуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik апрограмма "Турбаза" аҿы аминистрра атуриндустриа анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы Инара Бениаԥҳа.
"Атуроператорцәа рыбжьара имҩаԥызгаз аҭҵаара-зҵаарақәа рыла еилыскааит зегьы акадифаамҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит ҳәа ишазырыԥхьаӡо. Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа цәыббрамзаз ареспубликаҿ аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара 10-15% иацлеит. Ҳәарада амш аҭагылазаашьа, ахәқәа уҳәа анырра ҟарҵашт. Асасааирҭақәа ииашоу ахәԥсатә политика мҩаԥыргар аҿаҵарақәа 2022 шықәсазеиԥш иҟалоит, ирыцларгьы алшоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥхын традициа ҳасабла атуристцәа ҭаацәала рыԥсы ршьозар, ҭагалан аиҳараҩык рымацара рыԥсы ршьоит, убри азы ҭыԥк змоу ауадақәа алыркаауеит лҳәеит Бениаԥҳа.
"Ҳотелиерцәагьы егьырҭ атәылақәа рҿырԥшы ала ҭыԥк змоу ауадақәа рыхәԥсақәа ацрыҵ рзыҟарҵоит, зықәра ыҟоу ауаа рыдрыԥхьалоит, убри алагьы аномертә фонд хадырҭәаауеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Урыстәыла аладатәи акалҭ акурортқәеи Аԥсны акурортқәеи реиндаҭлара атәы далацәажәо Бениаԥҳа илҳәеит акадифаамҭаз еиҳа Аԥсны шалырхуа.
"Ари, Аԥсны еиҳа иахьԥхарроу, амшын еиҳа иахьҟәандоу азоуп. Уажәы Шәача, Тҟәаԥс, Дагомыс еиҳа ихьшәашәарахахьеит", - лҳәеит аҟазауаҩ.
Ԥхынгәи нанҳәеи амзақәа рзы асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҿы ахәқәа ҳаракын, аха цәыббра, жьҭаара амзақәа рзы еиҳа илаҟәхоит ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны
Ашықәс иалагазар Аԥсны иаадырԥшхьеит 30-ҩык зинда аус зуа агидцәа
"Азеиԥш тенденциа уахәаԥшуазар иубарҭоуп аԥхынтәи ахәԥсақәа раасҭа 30% ишеиҵо", - лҳәеит Бениаԥҳа.
Ҿырԥштәны иаалгеит "Акурорт Пицунда", аԥхын ахәқәа 3880 мааҭ иреиҵамзар, уажәы - 1550 мааҭ ҳәа уахык аԥсшьара шалшо.
Инара Бениаԥҳа иазгәалҭеит 2023 шықәсазтәи аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа шымариамыз.
"Аԥхьатәи аԥшьбараз аҭирақәа маншәалан, ауснагӡақәа ҟаҳҵон, аха нас иаалырҟьаны 30% рҟынӡа икаҳаит. Аамҭақәак 70% асасааирҭақәа ҭәымызт", - лҳәеит лара.
Бениаԥҳа лажәақәа рыла, ари иҟалаз аӡхыҵрақәа, ақәаршҩықәа иара убасгьы Урыстәыла иҭышәынтәалам аекономикатә ҭагылазаашьа ирыдҳәалоуп.
Аԥсны
Гагра цәыббрамзазтәи аԥсшьараамҭаз еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакуеит