АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Раџьаб Анқәаб ишьразы ашьаус иахәаԥшуеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит агәызҩара ззыҟоу Џьырхәа ақыҭа инхо Саҭбеи Кокосқьыр ацәгьа шиуз, иара иуа Гиа Кокосқьыр ишьоуразы ажьырныҳәа 1 2012 шықәсазы Анқәаб дишьит ҳәа.
Заанаҵтәи аилацәажәарала гәызҩарас иҟоу ишьақәыргылам ауаа ицны Гагра араион Баӷрыԥсҭа ақыҭа аҩнеихагыла №75/4 ашҭахь днеит.
Иԥшны итәаз Кокосқьыр Раџьаб Анқәаб аҩны дандәылҵ хынтә ихы деихсит аизаа 9 миллиметрак иҟоу Макаров итапанчала. Анқәаб иаразнак иԥсҭазаара далҵит.