АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Аԥсны зықәгәыӷуа аҩыза- изныкымкәа ареспублика аинтересқәа рыхьчараз игылахьо Урыстәыла аҳәынҭқарра ауп, абас арадио Sputnik аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
"Урыстәылеи Аԥсни апартниортә еизыҟазаашьақәа ракәӡам ирыбжьоу, ҳаизыҟазаашьақәа аиҩызаратәуп. Шәарҭарак ҟалар Урыстәыла аганахь ала ҳшықәгыло азы ахыдҵа ахьаагаз аиқәшаҳаҭра ҳнапы анаҵаҩ ашьҭахь ҳаизыҟазаашьақәа аҽа ҩаӡарак роуит. Сара еснагь исҳәон, иагьысҳәоит атәыла маҷқәа аҩызцәа рымамзар адәныҟатәи ашәарҭарақәа ишзырцәымцо", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак алахәылак аҳасабала изныкымкәа Аԥсны аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҟны иахьчахьеит ҳәа иҳәеит Шамба.
"Ҳзықәгәыӷша адгылаҩ, аҩыза имазаара ҳара ҳаиқәнархоит. Иахьазы имҩаԥысуа аиҭакрақәа раан уи акраҵанакуеит. Адунеи аҽаԥсахуеит. Аҽеиҭанакуеит", - азгәеиҭеит Сергеи Шамба.
Хырхарҭак змоу адунеитә еиҿкара иаҿагыло аҳәынҭқаррақәа маҷым. Уи аиҿагылара еиҳа еиҳа еибарххоит. Иҟалашагьы макьаназ аӡәгьы издырам иҳәеит иара ари азҵаараҿы агәыӷра аарԥшуа иациҵеит: "Араҟа акраҵанакуаны иҟоуп Урыстәыла ҩызак аҳасабала амазаара" ҳәа.
Шамба иажәақәа рыла, Қырҭтәыла апрогматикатә политика мҩаԥнагоит. Иахьатәи амчрақәа ԥхьаҟагьы асеиԥш рхы мҩаԥыргалар Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аҿиара аиуеит. Аԥсны ауааԥсыра, уи Аԥсны ишаныԥшуа иазхәыцуеит иҳәеит Шамба.
"Қырҭтәылеи Урыстәылеи реимабзиара ҳара ҳхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкраҿы анырра анаҭам ҳәа сыҟам. Сара сгәанала, Аахыҵ Кавказ имҩаԥысуа иҭынчу апроцессқәа еиҳагьы иҳахәароуп. Иарбанызаалак аибарххарақәа, абџьар ахархәарала азҵаара аӡбра, иаҳҳәап– Азербаиџьани Ҟарабахи рҿеиԥш, арегион аҿы еиҳагьы ауадаҩрақәа цәырыргоит", - иҳәеит Шамба.
Аҭынчԥсҭазаара арегион атәылақәа зегьы ирныруеит. Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аҭышәныртәаларазы амҩақәа рыԥшаароуп ҳәа азгәеиҭеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.