Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АдәАР: зқьышықәса зхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра аимак иамаҭәарӡам

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла алалара атема актуалра аҵоуп ҳәа Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ахҳәаа арҭеит, аусбарҭаҟны иазгәарҭеит, зқьышықәса зхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра алацәажәара аҭахны иҟам.
Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы ирҳәеит Аԥсны Урыстәыла ишадгылаҩу, аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы реизыҟазаашьа аиқәшаҳаҭра-зинтә база ишҳәаақәнаҵо.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахә ҳаракны иршьоит Урыстәыла анапхгараҿы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аиҭахәаԥшразы азҵаара ықәгылам ҳәа анырҳәо. Ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала Аԥсны аҿиара ажәлар иалырхыз мҩоуп, Аԥсны Аконституциагьы иахьчоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

АдәАР аҿы иара убасгьы иазгәарҭеит жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема акыр ишеибарххо Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәареи рыбжьара. Асеиԥш аан АИХқәа рҟны иӡырырго аҳәамҭақәа Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы агеополитикатә еиҿагылара иалҵшәаны иахәаԥшуеит.
Мышқәак раԥхьа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев асаит aif.ru аҟны икьыԥхьымҭаҿ иазгәеиҭеит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла алалара атема актуалра аҵоуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0