АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев идиныҳәалеит Урыстәыла ареспублика ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра. Абри атәы аанацҳауеит АДәАР Амедиацентр.
Адныҳәалараҿы иазгәарҭоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитет азхаҵара аҩреспубликак ҳаамҭазтәи рҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәны ишыҟоу.
"Агәра ганы ҳаҟоуп ҳамчқәа еилаҵаны аԥхьаҟа аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ишрыцаҳҵало, ҳусеицура ҳажәларқәа ирзеиӷьу ахырхарҭақәа шдырҿиало", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
2008 шықәса нанҳәа 7-8 руха ҭынч ицәаз Цхинвал ақалақь Қырҭтәыла алахысуа иалагеит, Хәымш ицоз аибашьра ахы акит. Урыстәыла ареспублика ауаажәлар ахьчаразы игылеит. Қырҭтәыла мчыла аҭынчра иазаанагеит.
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.