Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Медведев: хықәкы хадас иҳамаз ареспублика қәыԥшқәа ашәарҭадара рзаԥҵара акәын

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание программной комиссии "Единой России"
Заседание программной комиссии Единой России - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Анапаҵаҩра
15 шықәса раԥхьа, нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла ахада Дмитри Медведев.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Урыстәыла хықәкы хадас иамаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ашәарҭадара рзаԥҵара акәын, уи залшомызт дара рхьыԥшымра азхаҳамҵакәа, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла уаанӡатәи ахада, Ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

"Ҳара хықәкы хадас иҳамаз Кавказ ареспублика қәыԥшқәа ашәарҭадара рзаԥҵара акәын, уи залшомызт аофициалтә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳамҵакәа. Дара рхьыԥшымрақәа разхаҵара Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа, егьырҭ жәларбжьаратәи ашьаҭаркыратә документқәа ирықәшәон. Аха, зегь реиҳа ихадоу - уи Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыжәларқәа еицҿакыз ргәаҳәара иақәшәон", - иҳәеит иара.

Медведев инаҵишьит Аахыҵ Уаԥстәыла усҟан изҭадыргылаз арыцҳара хашҭшьа шамам. Ҵхыбжьон Қарҭ Аахыҵ Уаԥстәыла иалахысуа иалагеит аҳәаанырцәынтәи ироуз адҵа нагӡо, Урыстәыла уи ус баша иахәаԥшуа аган аҿы изаанымгылеит, Қырҭтәыла мчыла аҭынчра иазаанагар акәхеит.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара аҩтәылак рзы ихәарҭахеит, Урыстәыла ацхыраарала урҭ рекономикақәа ҿио иалагеит, атәылауаа рыԥсҭазаара еиӷьхеит иҳәеит Медведев.
"Ари аус аҟны еиҳарак зџьабаа ыҟоу арҭ аҩтәылак рыуаажәлар роуп. Дара хамеигӡарала рхьыԥшымразы иқәԥон, аҭынч ԥсҭазааразы аҭагылазаашьа аԥырҵон", - иҳәеит иара.
Убри аан иара иҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа рышьҭахь алкаақәа ҟарымҵаӡеит ҳәа, урҭ бџьарла егьырҭ атәылақәа рчахуеит, агибридтә еибашьрақәа мҩаԥыргоит. Убри иахҟьаны Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда мҩаԥнагар акәхеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Медведев иажәақәа рыла, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ҭынчымҩала аҿиара иахьаҿу - аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ззинқәа еиҟароу, иӷәӷәоу аизыҟазаашьақәа ирҿырԥшуп, Урыстәыла наҟ-наҟгьы урҭ рырҿиара иацхраалоит.
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Ажәлар ргәазыҳәара наӡеит: Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0