Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Владимир Путин: Урыстәыла наҟ-наҟгьы Аԥсны жәлар ирыцхраалоит

© Sputnik / Гавриил Григоров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбращение президента РФ В. Путина по случаю Дня молодёжи
Обращение президента РФ В. Путина по случаю Дня молодёжи - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Анапаҵаҩра
15 шықәса раԥхьа, нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла ахада Дмитри Медведев.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра амш, инаҵшьынгьы иҳәеит Урыстәыла аԥхьаҟагьы ареспублика ишацхраало. Абри атәы аанацҳауеит аинформмаҵзура "Аԥсныпресс".

"Даҽазнык исҳәар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа наҟ-наҟгьы аиашьаратә аԥсуа жәлар ганрацәала ишацхраало атәылахьчареи ашәарҭадареи аиҿкаараҟны, адәныҟаполитикатә интересқәа рыхьчараҟны, актуалтә аекономикатәи асоциалтәи зҵаарақәа рыӡбараҟны", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.

Путин инаҵшьны иҳәеит нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхҵаразы аӡбамҭа шаднакылаз аԥсуа жәлар иаадырԥшыз аҭахра инақәыршәаны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа, егьырҭ жәларбжьаратәи ашьаҭаркыратә документқәа ҳасаб рзуны.
15 шықәса ирылагӡаны Аԥсны ԥхьаҟа анеира иаҿуп, адемократиатә ҳәынҭқарра аргылоит, ахатәы милаҭтә економика арҿиоит иҳәеит Владимир Путин.
Заседание программной комиссии Единой России - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Медведев: хықәкы хадас иҳамаз ареспублика қәыԥшқәа ашәарҭадара рзаԥҵара акәын
Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа Аахыҵ Уаԥстәыла бџьаршьҭыхла иақәлеит, иалагеит Хәымш ицоз аибашьра. Урыстәыла ареспублика ауаажәлар ахьчаразы игылеит.
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0