АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара - уи аполитикатә ҿиарамҩа иашьашәалоз лҵшәан, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәараан.
"Ҳхьыԥшымра азхаҵара ус башамаша иҟамлаӡеит. Уи ҳтәыла аполитикатә ҿиарамҩа иашьашәалоз лҵшәан, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥареи аибашьраҿы иргаз аиааиреи рышьҭахь иҟалараны иҟаз хҭысын", - иҳәеит атәыла ахада.
Иара инаҵшьны иҳәеит ахьыԥшымра азықәԥара амҩаҿы ҳаԥсадгьыл рхы шақәырҵаз зықьҩыла аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи. Аибашьра ашьҭахьгьы ицәырҵит егьырҭ ауадаҩрақәа - еилаԥыххаа ишьҭаз атәыла, аблокада.
"Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа, аблокада уҳәа рыхганы ҳауаажәлар ирылшеит ргәы камыжькәа жәларбжьаратәи аԥҟарақәа ирықәшәо аҳәынҭқарра аргылара. Убри азоуп Урыстәылатәи Афедерациа иаднакылаз аӡбамҭа зиашаз, агуманитартә ган ала адагьы, аҭоурых аганахьала уахәаԥшуазаргьы. Уи аԥсуа жәлар аҳәынҭқарратәи аполитикатәи хырхарҭақәа рҟны ирылшаз ҳасаб рзуны ирыдыркылеит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ахада инаҵшьны иҳәеит Урыстәыла ари аҩыза анаӡбоз, жәларбжьаратәи аилазаара ақәыӷәӷәара ду аадырԥшуан, аха дара уи иамыхәаԥшкәа ари аҩыза ашьаҿа ҟарҵеит, уи иабзоураны Аԥсны асоциал-економикатәи аполитикатәи ҿиара ԥхьаҟа ицеит ҳәа.
Аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны аҩтәылак русеицура асистематә ҟазшьа аиуит, уи аҳәынҭқарра аганқәа зегьы ирныруеит. Уи адагьы, Урыстәыла иҟанаҵо адгылара иабзоураны Аԥсны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аҭыԥ арӷәӷәоит, уи ақырҭуа ган шаԥырхагоугьы. Зеиԥшла иааугозар, Аԥсни Урыстәылеи 70 инареиҳаны аҳәынҭқаррабжьаратәи документқәа рыбжьарҵахьеит иҳәеит Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны абиԥарақәа жәпакы жәытәӡаахыс рҳәынҭқарра шырыхьчоз, уи иқәынхо ажәлар аԥхьаҟагьы рыԥсадгьыл еснагь ахьчара иазыхиоуп иҳәеит иара.