АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Шәара изызҳауа ҳҿар- ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш шәоуп, ҳмилаҭ шәахаҿроуп. Шаҟа аҵара бзианы ишәҵо аҟара Аԥсны еиҳа ишәҭлоит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны ауадаҩрақәа рацәаны ишахнагахьо.
"Аԥсны аҭынчреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит иреиӷьыз аҵеицәа. Агәра згоит, урҭ рфырхаҵара шәгәалашәараҿы иҟанаҵ, аҵара бзианы ишышәҵало, шәеиҳабацәа рус шацышәҵо", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада Аслан Бжьани арҵаҩцәа рџьабаазы иҭабуд ҳәа реиҳәеит.
Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәеи астудентцәеи аҵарашықәс ҿыц адыррақәеи, аиҩызареи рзаанагарц рзеиӷьеишьеит, арҵаҩцәа- агәабзиара, аманшәалара, агәалаҟазаара.