Аԥсны

Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атурдәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит

Апассаџьыртә платформа "Абааҭа" Жәҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атуристтә дәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсныеихамҩа" анџьныр Леонид Ҟәыруа.

"Ԥхьаҟа иазгәаҳҭоит аплатформаҿ "Ласточкеи" атуристтә дәыӷбақәа "Тҟәаԥс-Гагра", Шәачантәи Аҟәаҟа ибжьоу "Риҵа" рыдкылара. Урҭ уа раангылара алшар ҟалоит", - иҳәеит иара.

Ҟәыруа иажәақәа рыла, аплатформаҿ афымцацәаҳәақәа рыԥсаххьеит, арлашагақәа ықәыргылоуп, хара имгакәа Урыстәылантәи иааргоит ахаҳәҟьаԥс. Иара убасгьы аҵакыра аҭыԥ иқәҵахоит. Аусурақәа хыркәшахараны иҟоуп Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз.
"Аԥсныеихамҩа" анџьныр Леонид Ҟәыруа иҳәеит, Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳа абетонтә хыргьагьақәа шыршәуа.
Жәаҩакәара ацҳа: аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа"
1 / 11

Аплатформа "Абааҭа" аартын 1943 шықәсазы Гагра мраҭашәаратәи ахәҭаҟны.

2 / 11

Аханатә иара аангыларҭа "Гагра-Курорт" ҳәа ахьӡын.

3 / 11

Жәаҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.

4 / 11

Ақалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәаҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи абаҳча алагон.

5 / 11

1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан.

6 / 11

Иныҟәо иалагеит апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангагақәеи.

7 / 11

Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит.

8 / 11

Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели аплатформа.

9 / 11

Аангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәаҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз.

10 / 11

Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.

11 / 11

Аангыларҭа "Абааҭа" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара хымԥадатәины иҟоуп.

Апассаџьыртә платформа "Абааҭа" Жәҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
Аангыларҭа аартын 1943 шықәсазы, усҟан "Гагра-Курорт" ҳәа иашьҭан. Ақалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи примортәи абаҳча алагон.
1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан. Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит. Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели иплатформа. Аангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз.
Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.