https://sputnik-abkhazia.info/20230906/aikhamat-aangylara-abaaa-aturdybaei-lastochkei-rydkylarazy-iazdyrkhioit-1047839026.html
Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атурдәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит
Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атурдәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит
Sputnik Аҧсны
Апассаџьыртә платформа "Абааҭа" Жәҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп. 06.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-06T09:43+0300
2023-09-06T09:43+0300
2023-09-06T09:43+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/14/1035989911_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_525af3197d78f2511c193ec200cbcb1b.jpg
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атуристтә дәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсныеихамҩа" анџьныр Леонид Ҟәыруа. Ҟәыруа иажәақәа рыла, аплатформаҿ афымцацәаҳәақәа рыԥсаххьеит, арлашагақәа ықәыргылоуп, хара имгакәа Урыстәылантәи иааргоит ахаҳәҟьаԥс. Иара убасгьы аҵакыра аҭыԥ иқәҵахоит. Аусурақәа хыркәшахараны иҟоуп Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз. "Аԥсныеихамҩа" анџьныр Леонид Ҟәыруа иҳәеит, Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳа абетонтә хыргьагьақәа шыршәуа.Апассаџьыртә платформа "Абааҭа" Жәҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.Аангыларҭа аартын 1943 шықәсазы, усҟан "Гагра-Курорт" ҳәа иашьҭан. Ақалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи примортәи абаҳча алагон. 1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан. Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит. Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели иплатформа. Аангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз. Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/14/1035989911_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_e74dfb22c81f76f2be56093798423231.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атурдәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит
Апассаџьыртә платформа "Абааҭа" Жәҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа" атуристтә дәыӷбақәеи "Ласточкеи" рыдкыларазы иаздырхиоит, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсныеихамҩа" анџьныр Леонид Ҟәыруа.
"Ԥхьаҟа иазгәаҳҭоит аплатформаҿ "Ласточкеи" атуристтә дәыӷбақәа "Тҟәаԥс-Гагра", Шәачантәи Аҟәаҟа ибжьоу "Риҵа" рыдкылара. Урҭ уа раангылара алшар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Ҟәыруа иажәақәа рыла, аплатформаҿ афымцацәаҳәақәа рыԥсаххьеит, арлашагақәа ықәыргылоуп, хара имгакәа Урыстәылантәи иааргоит ахаҳәҟьаԥс. Иара убасгьы аҵакыра аҭыԥ иқәҵахоит. Аусурақәа хыркәшахараны иҟоуп Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз.
"Аԥсныеихамҩа" анџьныр Леонид Ҟәыруа иҳәеит, Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳа абетонтә хыргьагьақәа шыршәуа.
Жәаҩакәара ацҳа: аихамҩатә аангыларҭа "Абааҭа"© SputnikАплатформа "Абааҭа" аартын 1943 шықәсазы Гагра мраҭашәаратәи ахәҭаҟны.
Аплатформа "Абааҭа" аартын 1943 шықәсазы Гагра мраҭашәаратәи ахәҭаҟны.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аханатә иара аангыларҭа "Гагра-Курорт" ҳәа ахьӡын.
Аханатә иара аангыларҭа "Гагра-Курорт" ҳәа ахьӡын.
© Sputnik / Томас ТхайцукЖәаҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
Жәаҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
© SputnikАқалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәаҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи абаҳча алагон.
Ақалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәаҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи абаҳча алагон.
© Sputnik1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан.
1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан.
© Sputnik / Томас ТхайцукИныҟәо иалагеит апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангагақәеи.
Иныҟәо иалагеит апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангагақәеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукГагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит.
Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели аплатформа.
Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели аплатформа.
© SputnikАангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәаҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз.
Аангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәаҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.
Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аангыларҭа "Абааҭа" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара хымԥадатәины иҟоуп.
Аангыларҭа "Абааҭа" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара хымԥадатәины иҟоуп.
Аплатформа "Абааҭа" аартын 1943 шықәсазы Гагра мраҭашәаратәи ахәҭаҟны.
Аханатә иара аангыларҭа "Гагра-Курорт" ҳәа ахьӡын.
Жәаҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
Ақалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәаҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи абаҳча алагон.
1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан.
Иныҟәо иалагеит апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангагақәеи.
Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит.
Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели аплатформа.
Аангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәаҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз.
Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.
Аангыларҭа "Абааҭа" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара хымԥадатәины иҟоуп.
Апассаџьыртә платформа "Абааҭа" Жәҩакәара аҩхааҟны аҳаԥкылҵәақәа рыбжьара иргылоуп, ҭеиҭыԥшла ацҳа еиԥшуп.
Аангыларҭа аартын 1943 шықәсазы, усҟан "Гагра-Курорт" ҳәа иашьҭан. Ақалақь аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҭыԥқәа ирзааигәан аангыларҭа- ахәаахәҭратә ҩны "Жәҩакәара", анаҩсан Гагарин ихьӡ зху ашҭа, уи ашьҭахь амшын аҿықәынтәи примортәи абаҳча алагон.
1956 шықәсазы Кавказтәи аихамҩа ахәҭа зегьы фымцала еиқәыршәан. Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь "Гагра-Курорт" иамаз аҵакы ацәыӡит. Иара аанҿасырҭатә ҭыԥ ахь ииаргеит- Церетели иплатформа. Аангыларҭа иахьатәи ахьӡ ахырҵеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, Жәҩакәара аҩхааҟны иҟоу абаа аҳаҭыраз.
Иахьа апассаџьырцәа адкыларазы аплатформа аркуп, адәыӷбақәа "Абааҭа" аанҿасрада иаҩсуеит.