Аԥсны

"Хатәгәаԥхарала аԥсра даԥылеит": аибашьҩы Роберт Леиба изкны

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, абџьар зкымыз ахацәагьы аӷа аҿагылара ирҭарц ицон. Ахымца игәыдҳамҵаргьы, махәҿала дҭаҳархоит ҳәа гәкаҳара ҟамҵакәа ԥхьаҟа ижәылон. Убас иҟаз аҵеицәа дреиуан 22 шықәса зхыҵуаз абиԥазаҵә Роберт Шутиа-иԥа Леибагьы. Аиааира иазгәышьуаз арԥыс дҭахоит ԥхынгәытәи ажәылараан. Роберт инысымҩа еиҭалҳәеит иаҳәшьа гәакьа Гәында Леиԥҳа.
Роберт Леиба Гагратәи аԥсуа школ даналга, аррамаҵурахьы иԥхьоит. Шықәсыбжак Новосибирск азыҟаҵара дахыжьны, дрышьҭуеит Узбекисҭан, имаӡоу арратә хәҭахьы. Азеиԥш ԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьақәа нагӡаны даныхынҳәлак, арԥыс игәы иҭаикуеит Шәача иреиҳау аҵараиурҭа дҭаларц, аха Роберт аԥышәарақәа рахь днеиаанӡа иалагоит аибашьра.
Арратә ԥышәа бзиа змаз арԥыс абџьар шимамызгьы, шаҟа аҩны дымтәарыз... Иаҳәызба хәыҷ иџьаба иҭаҵаны иаб Шутиа дицны аӷа диԥылоит.
"Аибашьра ианалага аамҭазы сара Шәачантәи саауан. Ақырҭцәеи ҳареи изныкымкәа ҳаидыслахьан аҟнытә, агәра згон мышқәак рыла еиқәтәоит ҳәа. Аха Цандрыԥшь ацҳа санықәсуаз, автоматқәа кны аԥсуа ҷкәынцәа анызба, сгәы нҭыԥсааит, аиҳарак ашәара снырит ибзианы издыруаз Рома Бениа абџьар кны санихьыԥшы. Арыцхә 18 рзы, сани сареи Гагра ҳалганы Бзыԥҭаҟа ҳаршьҭит. Уаҟа ҳаншьцәа Хагәшьаа рҿы ҳаанхеит", - аибашьра раԥхьатәи амш лгәалашәоит Гәында Леиԥҳа.
Аԥсны
18 шықәса ихыҵуан: аибашьраҿы иҭахаз Ахра Канџьариа иеибашьратә мҩа иазкны
Роберти иаб Шутиеи, Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә аоперациа алагаанӡагьы, рҩызцәа ирыцны Ԥсахара ақыҭан ишьақәгылаз аибашьратә цәаҳәа рыхьчон. Роберт ихалагьы ԥшыхәра дцаны аӷацәа рхырӷәӷәарҭақәа ахьыҟоу ҭиҵаауан.
Гагра араион аӷа даналцаха, Муҳаммад Кьылба игәыԥ иалаз аибашьҩы диасуеит Витали Смыр ибаталион ахь. Ус иааигәахоит Ианвартәи ажәылара. Уи аамҭазы Роберт Леиба игәыԥ аиҭныԥсахлара иақәшәан, рыҩныҟақәа рахь иршьҭуеит. Роберт Гагра дшыҟаз ажәылара ҟалеит ҳәа аниаҳа, даара дгәамҵит. Зегь акоуп аибашьцәа иҽырхьигӡеит. Аоперациа алҵшәа маиузаргьы, арԥыс игәы ирҭынчит иҩызцәа данрылагыла.
Анаҩс иааигәахеит Марттәи ажәылара. Ари ишьаарҵәырахаз аоперациа рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит Роберт ицызҳаз иҩызцәа, ианшьцәа Хагәшьаа рахьтә иҭахази хабарда ибжьаӡызи ҟалеит.
"Марттәи ажәылара ашьҭахь Роберт зынӡа иҽиԥсахит. Егьа аԥсҭазааратә уадаҩрақәа дрынианы дыҟазаргьы, аха зегь акоуп аччаԥшь зҿықәыҳәҳәоз Роберт илахь еиқәылеит. Марттәи ажәылараан дҭахеит Роберт класск аҟны аҵара ицызҵоз Гиви Аиба, ҳаншьцәа рыбжьара аԥсҭбара ҟалеит", - еиҭалҳәоит аиаҳәшьа.
Роберт Лейба
Марттәи ажәылара иаӡрыжәыз аԥсуа еибашьцәа рҽазыҟарҵо иалагеит аҳҭнықалақь аҭарцәразы анаҩстәи аоперациа. Роберт Леиба дызлаз Сандро Цыгәба командаҟаҵаҩс дызмаз ахԥатәи абаталион ахԥатәи арота аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылан аӷацәа маанала рганахь рхьарԥшра (отвлекающий маневр - аред.). Ари агәыԥ алахәцәа шьҭахьҟа рыԥсы ҭаны изымгьежьыр ауан аҟнытә, хатәгәаԥхарала ицо ҳәа асиа шьақәдыргылон. Уи зҽанызҵаз дреиуахеит абиԥазаҵә Роберт Леибагьы. Изныкымкәа аб иҵәҩаншьап мыӡааит ҳәа Бзыԥҭатәи аибашьҩы Рауф Қәҭарба Роберт асиа даниххьан, аха егьи иуазма.
"Роберт иеибашьратә мҩа ҳара иҩызцәа рҟнытә ауп ишаадыруа. Ииультәи ажәылара еибганы иалҵыз излаҳзеиҭарҳәаз ала, дара Гәымсҭа ианыр, аӷа инижьыз, еиҭамҵуа ахыԥсаҟьага инапахьы иааганы 12 сааҭ даҿагыланы дхысуан. Уи аамҭазы инапқәеи ишьапқәеи ахқәа рықәшәеит, ихала, имаҭәа иалхны ацахақәа ҟаҵаны, ашьа аанкыланы "шәымшәан, сара шәхызҩоит" ҳәа иҩызцәа рахь ҿиҭуан. Аҵыхәтәаны аӷа хәымга иааишьҭыз ахы Роберт илахь иақәшәоит", - лашьазаҵә дышҭахаз еиҭалҳәоит Гәында Леиԥҳа.
Роберт ԥхынгәы 4 рзы дҭахеит Гәымсҭа ахықәан, аха иԥсыбаҩ амза анҵәамҭазоуп аԥсуа ган ианроу.
"Ҳара Роберт дызҭахаз аҵыхәтәанынӡа иҳарымҳәаӡеит. Избанзар иԥсыбаҩ аԥсуа ган ахь иҟаӡамызт. Ҭаацәала аибашьраҿы иҭахаз рыԥсрақәа рахь ҳаннеиуаз, ҳара ҳхаҭа арыцҳара ду ҳақәшәаны ҳшыҟоу, аха макьана уи атәы шҳарымҳәац здыруаз ауаа рылаԥш ҳанааҵашәалак, ҳала изхымԥшыло игәынқьуа иҵәуон", - лажәа иацылҵоит Гәында.
Роберт иԥсыбаҩ аӡиас ианиарга, иаби иан лаҳәшьеи наргеит ихаҭара шьақәдыргыларц. Ашьҭахь арԥыс иабду игәараҭахь Оҭҳараҟа дыргеит.
"Роберт дышҭахаз аҵыхәтәанынӡа исарымҳәаӡеит. Оҭҳараҟа данырга, сара исышьҭаланы иааит. Ашҭа ҳаназааигәаха ауп иҟалаз ансарҳәа. Роберт даҳзааргеит ацинктә ҭоубыҭ дҭаҵаны. Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагеит игәхьааҳгоз ихаҿы ҳамбакәа", - ихьанҭоу ахҭыс лгәалашәоит аиаҳәшьа.
Роберт иаб Шутиа аибашьра цонаҵы ахәцәеи аԥсцәеи зларгоз амашьына дақәтәан. Иҷкәын иаамышьҭахь зхы-згәы згәахшәахьаз аб зегь акоуп иус иацимҵар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Зԥа дызҵәыуаз ахаҵа иара иеиԥш ирыцҳахаз аҭаацәарақәа ԥсы зхамыз рыҷкәынцәа рзигон.
Роберт Леиба данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.
Роберт Леиба данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.