Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

18 шықәса ихыҵуан: аибашьраҿы иҭахаз Ахра Канџьариа иеибашьратә мҩа иазкны

© Foto / из семейного Архива Канджария Ахра Канџьариа
Ахра Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иахылҿиааз рыцҳара духеит, унеишьуааишь ҳәа зырҳәоз Бзыԥҭатәи аҭаацәа Артур Канџьариеи Хьыкәыр Ҷыҭанааԥҳаи ргәыӷрақәа здырҳәалоз, 18 шықәса зхыҵуаз рԥазаҵә Ахра Канџьариа иҭахара. Ганрацәала аҟазара злаз аҵеи, иани иаби рыдагьы Бзыԥаа зегьы дрыԥхеит. Иахьа Канџьариаа рыҩны ашә аазыртуа ҳәа иҟоу ан заҵәык лоуп. Уи лгәалашәарақәа ажурналист Саида Жьиԥҳа лматериал аҟны.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалааганӡагьы, ҳажәлар рыбжьара агәҭынчымра ыҟан, Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭцәа абџьар шьҭыхны иаҳҿагылар ауеит ҳәа. Избанзар аԥсҭазаара иднарбахьан, изныкымкәа дара рполитика хәымга иахылҿиаахьаз ҳмилаҭ ринтерсқәа зхәаҽуаз, уимоу ашьакаҭәара зцыз аҿагыларатә акциақәа. Аиҳарак арҭ агәҽанҵаратә цәажәарақәа мҩаԥысуан амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" активистцәа рыбжьара. Иахьа зыӡбахә сымоу арԥыс қәыԥш Ахра иаб, Артур Канџьариа дыруаӡәкын "Аидгылара" иашьагәыҭыз. Убри аҟнытә аҭаацәараҟны зхәыҷаахыс аполитикатә хҭысқәа рыӡбахә заҳауаз, насгьы ирызҿлымҳаз ҽакала зҳашьа имазма, аԥсадгьыл ашәарҭара иҭагылар хаҵарала ахьчара ишазгылатәу мдыркәа.
Ахра Канџьариа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 даушьҭымҭоуп. Иара ирҵаҩцәа иахьа уажәраанӡагьы дыргәалашәоит адыррақәа ирызҿламҳаз, ган рацәала аҟазара злаз, илашаз, иаамысҭашәаз, иразыз, аҩызара иазгәышьуаз, аԥсадгьыл гәыкала бзиа избоз рԥысны.
"Ахра ирҵаҩцәеи сареи иахьа уажәраанӡагьы аимадара ҳабжьоуп. Ашкол ааигәара сынхоит аҟнытә лассы-лассы сааилоит. Ахра илакҭа аӡәыр ихызбаалозар ҳәа аҵаҩцәа сыла ҭырхаха сырҿаԥшуеит. Ахра аҵараҵара бзиа ибон. Аҭоурых, афизика, ахимиа амаҭәарқәа иқәҿиуан. Амузыка дазҿлымҳан. Баграт Багаҭелиеи иԥшәмаԥҳәыс Хьыкура Ԥалԥҳаи ашкол далгар, Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә ҵараиурҭа дҭаҳҵоит, адирижиорра илаҳхуеит ҳәа дазыҟарҵон. Ашкол аҿы ныҳәак мҩаԥысуамызт Ахра апианино аҿы дымхәмаркәа. Иара ус ҭынчгьы дзыргылодаз, иҩызцәа ашьхыцқәа реиԥш икәшаны дыркуан бзиа ирбоз амузыка рызирҳәарц азы. "Апианино ирцәажәоит" рҳәон арҵаҩцәагьы. Дара дырҩызаны драҳәшьеиҳабны есыҽны дрыцын рырҵаҩ қәыԥш, анаҩс аибашьраҿы иҭахаз Ирина Сыҷынааԥҳагьы. Ахра иҩуан ажәеинраалақәа. Ашколтә музеи аҟны иахьагьы иҵәахны ирымоуп икалам иҵҵыз аҩымҭақәа", - еиҭалҳәоит ан Хьыкәыр Ҷыҭанааԥҳа.
Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2019
Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы
Асовет Еидгыла анеилаҳа, Москва амузыкатә ҵараиурҭа аҭалара ауадаҩрақәа анацла, Ахра иӡбоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, аиуристтә факультет дҭаларц. 1992 шықәса, нанҳәа 14 аҽны иҵара ахә шәаны Аҟәантәи Афон ҿыц иаб Артур Канџьариеи иареи шааиуаз ауп ирдырқәоз џьоукы иаанкыланы, аибашьра ишалагаз шрарҳәаз. Аб шьҭахьҟа Аҟәаҟа дхынҳәыр иҭаххеит, аха Ахра дишьҭалар ҳәа дшәан, диманы аҩныҟа дааит. Уи аамҭазы Бзыԥаа ақыҭсовет аҟны аҽеидкылара иалагахьан.
"Хаҵеи ԥҳәыси аҩнқәа ирдәылеибаганы еизеит. Абџьар абаҟахыз. Џьоукы-џьоукы иҵәахны ирымаз ашәарацага шәақьқәа ааргеит ауп. Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны арратә штаб еиҿкаахеит. Доусы иҳалшоз ала уи амаҵ азаҳуа ҳалагеит", - лҳәеит Хьыкәыр Ҷыҭанааԥҳа.
© Foto / из семейного Архива Канджария Ахра Канџьариа иан -Хьыкәыр Ҷыҭанааԥҳа.
Хьыкәыр Ҷыҭанаап,ҳа, Ахра Канџьариа иан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Ахра Канџьариа иан -Хьыкәыр Ҷыҭанааԥҳа.
Артур Канџьариа аштаб аҿы инапы ианын аибашьцәа фатәыла-жәтәыла реиқәыршәара. Раԥхьатәи амчыбжь азы, Канџьариаа рҭаацәа убарҭқәа зегь рнапы иҵырхит. Хьыкәыр аибашьра иалагаанӡа аус ахьылуаз акрыфарҭа анадаркы, иаанхаз аконсервқәа, афатә аалыҵқәа егьырҭ аусуцәа реиԥш иаалхәеит. Ауа-аҭахы рыбжьара ашара дахьымӡакәа Хьыкәыр аштаб ахь иаалган, аибашьцәа рхәы алаҟарҵо иалагеит.
Ани аби аштаб амаҵ азыруонаҵы, Ахра иҩызцәа дрыцны Гагра ахырхарҭахь дцеит. Аибашьратә цәаҳәа ахьышьақәгылаз Ԥсахара ақыҭан илшоз ала дыцхыраауан.
"Сыԥшәма аибашьцәа рхәы анигоз, Ахра ана-ара ахацәа дрыцны дибон. Нас ҳиҳәо ҳалагеит, "уара макьана 18 ухымҵӡацт, азин умаӡам аибашьразы, ухы умшьын" ҳәа, аха иара иуазма, "сдезертирума" ҳәа ҳаҭаикон", - иазгәалҭоит ан.
Сафер Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
"Иара иеиԥшу дыҟаӡам": аибашьра иалаӡыз Сафер Бганба изкны
Гагра араион ахы ианақәиҭха, Бзыԥаа, аиҳарак аштаб амаҵ азызуаз арҵаҩцәа аплантациақәа рҿы амандаринақәа рыҭаара иалагеит, иаҭаны, аибашьцәа рзы автоматқәа аархәарц. Ахра аидарақәҵаҩс дрыццеит. Иагьирҳаит 70 нызқь. Автомат алаасхәоит ҳәа дгәырӷьаҵәа аҩныҟа иманы дааит. Уи аламҭалазы ишьақәгыло иалагеит абаталионқәа. Ахра дахәҭакхоит Гиви Смыр командаҟаҵаҩс дызмаз ахԥатәи абаталион. Жәаа зхымҵыцыз арԥыс гранатаршәҩыс дҟалоит. Ахра аамҭак азы аибашьыгатә машьына аекипаж командаҟаҵаҩсгьы даман. Дара ирылшоит, Гәымсҭа иаваланы аԥсуа гәыԥқәа рԥыххаразы ихалоз абзарбзан зықәгылаз, ааҩык аӷацәа рыруаа зҭаз аибашьыгатә машьына аԥжәара. Ари ахҭыс шаҳаҭс иамаз акомиссар Лиова Гыцба аиҳабыра рахь адырра аныҟаиҵа, Ахра "Агәымшәаразы" амедал ианашьатәуп ҳәа адҵа ҟалоит.
Ԥхынгәытәи ажәылараан, Ахра Канџьариа дызлаз абаталион Цугуровка аӷацәа ашьаарҵәыра иҭадыргылеит. Аоперациа анеиԥҟьа аԥсуа еибашьцәа анхьаҵоз аминатә дәы иақәшәеит.

"Ахра ишибоз амина дахаԥжәеит Витали Шәлымба. Иара ишьапқәа хжәаны дахьышьҭаз, Ахра днеины ибӷа дықәҵаны, амца зкыз адәы нижьырц даналага, иҩызак, ихьӡ сгәалашәом, Ҭаниак изҿиҭеит "амина сақәгылоуп" ҳәа. Ус иаргьы иҵаԥжәоит. Ахреи Виталии рааигәара унеиртә иҟамызт. Аминақәа рыдагьы, ганла, хахьла зехьынџьарантә иааиуан ахқәа. Абас, ԥхынгәы 3, 1993 шықәса инаркны снапқәа сгәыҵаԥсаны снатәеит", - лыԥсҭазаара зыреиқәаҵәаз ахҭыс еиҭалҳәоит ан.

Ахра анышә дамадоуп иаб иҩны. Шықәсқәак раԥхьа Хьыкәыр лыԥшәма Артур Канџьариагьы идунеи иԥсахит. Иахьа анышәынҭрақәа дрыдыԥшыло дтәоуп зԥазаҵә ичараура иахьымӡаз, ихылҵ дзымбаз ан.
Ажәабжьқәа зегьы
0